АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаевеи Аԥсны COVID-19 лаҟәуа иалагеит, ахәшәтәырҭақәа ирҭоу еиҵахеит ҳәа азгәарҭеит аилацәажәараҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Хәажәкыра 3 азтәи адыррақәа рыла иахьазы ахәшәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 94-ҩык ачымазцәа, рҭагылазаашьа хьанҭоуп – 31-ҩык.
Быҭәба иҳәеит амедицинатә ҵәыҵәри шрызхо, атаҵәах-цҵа шеиҿкаау.
Хәшәла аиқәыршәара акәзар "Аԥсныфармациа" аиҳабы Рустам Адлеиба иинформациала ашықәс иалагазар ахәшәтәырҭақәа ирыҭоуп 50,8 миллион мааҭ рыхә (Актемра, Артлегия назлоу).
Анаплакы иара убасгьы зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәа – агемодиализ ҟазҵо, акьыбачымазара змоу ирзеихнашоит ҳәа иҳәеит Адлеиба.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит арезерв аиҿкаара аҵак ду аманы дшахәаԥшуа, ахәшәҭирҭатә индустриаҿы ахәԥсеиҿкаара аҽеиҭанакыр ахьалшо азы.
Апандемиа иаалагазар Аԥсны 52 000 коронавирус-хҭыс азгәаҭоуп, 20 000-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит.