АҞӘА, хәажәкыра 4- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 225-ҩык, урҭ рахьтә 88-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аҟны акоронавирус змаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, 81 шықәса зхыҵуаз хаҵаки, 83 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 32-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп 18-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 24-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 25-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп аӡәы.