АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik, Бадри Есиава. Асахьаҭыхыҩ Игор Циминтиа иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны хәыжәкыра 4 азы.
Ицәыргақәҵоуп 1994 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа автор инапы иҵеихыз 49 усумҭа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апортретқәа, апеизаж, анималистика, анатиурморт.
Игорь Циминтия
© Sputnik / Томас Тхайцук
Циминтиа ишеиҭеиҳәаз ала, ихәыҷраахыс асахьаҭыхра дазҿлымҳан, аха хықәкыла ари аус иҽазикит иуадаҩыз аибашьра ашықәсқәа рышьҭахь. Хынтәуп ицәыргақәҵа мҩаԥыргоижьҭеи.
"Асахьаҭыхҩцәа дуқәа схы рыдыскылаӡом. Ари сара сыԥсыршьагоуп. Асахьаҭыхра сҽазҵәылхны сҽазыскит 1994 шықәса ашьҭахь, усурҭада сыҟан, аамҭа рацәа сыман. Ашкол аҟны аума, арра аҟны аума, аҵараиурҭаҿы аума сахьцалак аҟазара сыцын", - иҳәеит иара.
Циминтиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ицәыргақәҵа иаҭааз зегьы.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, Циминтиа иҟазаратә мҩа иалагӡаны иҭиххьеит 900 сахьа, реиҳарак ахатәы коллекциақәа рҟны иҟоуп.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла Витали Џьениа иазгәеиҭеит, Циминтиа иусумҭақәа ԥшшәы рацәала ишеиларсу, дара ишырныубаало автор иԥсадгьыли аԥсабареи рахь имоу абзиабара.
Асахьаҭыхыҩ аскульптор Руслан Ԥандариа иазгәеиҭеит, апандемиа аамҭазы иара гәахәарыла ишидикылаз ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә алахәхара, иахьатәи аамҭазы акультуратә хҭысқәа анмаҷу.
Циминтиа исахьақәа ԥшшәы рацәала еиларсу ахәапшыҩ агәалаҟазаара бзиа инаҭоит иҳәеит Ԥандариа.