Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Запорожиатәи АЕСқәа рҟны УАМ апровокациа шыҟанаҵо

Урыстәылатәи ар Украина арратә инфраструктура ааха шрырҭарц ирырҭоит, аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи русура еиԥырҟьан 1812 арратә хыбрақәа, 62 ҳаирплан, 635 танк.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik.Урыстәыла атәылахьчара аминистрра украинатәи аруаа Запорожиатәи атомтә фымцастанциа акәша-мыкәша аичарчыратә шьаҿақәа шыҟарҵо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Атомтә хыбра акәша-мыкәша иҟоу ахымҩаԥгашьа иаанаго акоуп, иҟаларц зылшо арадиоктивтә ҿкы азы Урыстәыла ахара адырҵырц рҭахуп. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа иаршаҳаҭуеит киевтәи арежим ацәгьоурақәа рыгәҭакуп ҳәа, ма Зеленски қьырала иаагоу ацәгьоуцәа злоу украинатәи ақәыларатә гәыԥқәа рхылаԥшра ицәыӡит", - иҳәеит Конашенков.
Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак излааицҳауа ала, атомтә аелектростанциа аусзуҩцәа абжьааԥаны еиԥш аус шыруц ируеит, арадиоктивтә фон иашьклаԥшуеит иахәҭоу ашәага-зага иҭысуам.
Енергодар ақалақь Урыстәыла Арбџьармчқәа рнапахьы иааргеит жәабран 28 азы, украинатәи асолдаҭцәа АЕС зыхьчоз икажьны ицахьан урыстәылатәи ар неиаанӡа.