Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь аҭынч уааԥсыра ралҵра иаԥырхагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ДЖәР аҿы

Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа аҩбатәи рраунд алҵшәақәа рыла, аганқәа агуманитартә зҵаарақәа рганахьала аилибакаарахь икылсит. Аиҿцәажәарақәа ахԥатәи рраунд асабша, ма амҽыша имҩаԥысроуп ҳәа иазԥхьагәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Донецктәи жәлар рреспублика атәылахьчара аштаб адырра ҟанаҵеит амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь иаанханы иҟаз аҭынч уааԥсыра рзы агуманитартә коридор аартра мап ацәыркит ҳәа.
Уаанӡа ДЖәР ахада Денис Пушилин ишиҳәахьаз ала, асааҭ 12 рҟынӡа аӡәымзар аӡәгьы дцәырымҵит.
Аштаб адыррақәа рыла, украинатәи аибашьцәа-цәгьоуцәа Волноваха аҭынч уааԥсыра ралгара аусгьы иаԥырхагоуп, уа ԥшьҩык роуп изылшаз иахыкәшаны даҽа мҩак ала ақалақь алҵра.
"Старобешевтәи аҳабла иаҵанакуа аиланхарҭа Николаевка аҟынтәи аиланхарҭа Алашара ҿыц (Новый Свет) ахь иалган 24-ҩык аҭынч уааԥсыра, урҭ рахьтә ԥшьҩык - Волноваха иқәынхоз роуп. Арҭ аԥшьҩык ражәақәа рыла, ақалақь иалсуа Аиубилеитә мҩаҿы ааха змоу аҩнқәа рыҵаҟа иаанханы иҟоуп аграждантә тәылауаа, урҭ рхала уантәи изыҵыҵӡом", - ҳәа ануп аҳәамҭаҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Пушилин: "Азов" ацәгьоуцәа Мариуполь аҩны ԥыржәеит, уи иаҵаханы иҟоуп 200-ҩык рҟынӡа ауаа
Урыстәыла асабша асааҭ 10:00 инаркны аҭынчра арежим аланагалеит, аҭынч уааԥсыра Мариуполи Волновахеи ирылҵырц азы агуманитартә коридор аанартит. Агуманитартә коридорқәеи излалҵуа амаршрутқәеи украинатәи агани дареи еиқәышаҳаҭны иазгәарҭеит.