https://sputnik-abkhazia.info/20220305/amilaeilykhytsa-mariupol-aynch-uaasyra-ralra-iayrkhagoup-a-aama-areit-dzhr-ay-1037946291.html
Амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь аҭынч уааԥсыра ралҵра иаԥырхагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ДЖәР аҿы
Амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь аҭынч уааԥсыра ралҵра иаԥырхагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ДЖәР аҿы
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа аҩбатәи рраунд алҵшәақәа рыла, аганқәа агуманитартә зҵаарақәа рганахьала аилибакаарахь икылсит. Аиҿцәажәарақәа ахԥатәи... 05.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-05T14:22+0300
2022-03-05T14:22+0300
2022-03-05T14:22+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
джәр
лжәр
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/05/1037945501_0:161:3071:1888_1920x0_80_0_0_a6391296c3061e49d437b740c0a0b7b0.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Донецктәи жәлар рреспублика атәылахьчара аштаб адырра ҟанаҵеит амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь иаанханы иҟаз аҭынч уааԥсыра рзы агуманитартә коридор аартра мап ацәыркит ҳәа. Уаанӡа ДЖәР ахада Денис Пушилин ишиҳәахьаз ала, асааҭ 12 рҟынӡа аӡәымзар аӡәгьы дцәырымҵит.Аштаб адыррақәа рыла, украинатәи аибашьцәа-цәгьоуцәа Волноваха аҭынч уааԥсыра ралгара аусгьы иаԥырхагоуп, уа ԥшьҩык роуп изылшаз иахыкәшаны даҽа мҩак ала ақалақь алҵра."Старобешевтәи аҳабла иаҵанакуа аиланхарҭа Николаевка аҟынтәи аиланхарҭа Алашара ҿыц (Новый Свет) ахь иалган 24-ҩык аҭынч уааԥсыра, урҭ рахьтә ԥшьҩык - Волноваха иқәынхоз роуп. Арҭ аԥшьҩык ражәақәа рыла, ақалақь иалсуа Аиубилеитә мҩаҿы ааха змоу аҩнқәа рыҵаҟа иаанханы иҟоуп аграждантә тәылауаа, урҭ рхала уантәи изыҵыҵӡом", - ҳәа ануп аҳәамҭаҿы.Урыстәыла асабша асааҭ 10:00 инаркны аҭынчра арежим аланагалеит, аҭынч уааԥсыра Мариуполи Волновахеи ирылҵырц азы агуманитартә коридор аанартит. Агуманитартә коридорқәеи излалҵуа амаршрутқәеи украинатәи агани дареи еиқәышаҳаҭны иазгәарҭеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220305/pushilin-azov-atsgoutsa-mariupol-any-yrzheit-ui-iaakhany-ioup-200-yk-ryna-auaa-1037944435.html
джәр
лжәр
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/05/1037945501_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_f3ad9389961ef2636e9614444050938e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, аполитика
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, аполитика
Амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь аҭынч уааԥсыра ралҵра иаԥырхагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ДЖәР аҿы
Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа аҩбатәи рраунд алҵшәақәа рыла, аганқәа агуманитартә зҵаарақәа рганахьала аилибакаарахь икылсит. Аиҿцәажәарақәа ахԥатәи рраунд асабша, ма амҽыша имҩаԥысроуп ҳәа иазԥхьагәаҭоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Донецктәи жәлар рреспублика атәылахьчара аштаб адырра ҟанаҵеит амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь иаанханы иҟаз аҭынч уааԥсыра рзы агуманитартә коридор аартра мап ацәыркит ҳәа.
Уаанӡа ДЖәР ахада Денис Пушилин ишиҳәахьаз ала, асааҭ 12 рҟынӡа аӡәымзар аӡәгьы дцәырымҵит.
Аштаб адыррақәа рыла, украинатәи аибашьцәа-цәгьоуцәа Волноваха аҭынч уааԥсыра ралгара аусгьы иаԥырхагоуп, уа ԥшьҩык роуп изылшаз иахыкәшаны даҽа мҩак ала ақалақь алҵра.
"Старобешевтәи аҳабла иаҵанакуа аиланхарҭа Николаевка аҟынтәи аиланхарҭа Алашара ҿыц (Новый Свет) ахь иалган 24-ҩык аҭынч уааԥсыра, урҭ рахьтә ԥшьҩык - Волноваха иқәынхоз роуп. Арҭ аԥшьҩык ражәақәа рыла, ақалақь иалсуа Аиубилеитә мҩаҿы ааха змоу аҩнқәа рыҵаҟа иаанханы иҟоуп аграждантә тәылауаа, урҭ рхала уантәи изыҵыҵӡом", - ҳәа ануп аҳәамҭаҿы.
Урыстәыла асабша асааҭ 10:00 инаркны
аҭынчра арежим аланагалеит, аҭынч уааԥсыра Мариуполи Волновахеи ирылҵырц азы агуманитартә коридор аанартит. Агуманитартә коридорқәеи излалҵуа амаршрутқәеи украинатәи агани дареи еиқәышаҳаҭны иазгәарҭеит.