АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 120-ҩык, урҭ рахьтә 42-а аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәатәи араионтә хәшәтәырҭаҟны акоронавирус злаз 88 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыск лыԥсҭазаара далҵит.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 32-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп 26-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 23-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит хәҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы фҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп аӡәы.