Алықьса Гогәуа ицәырҵра хҭыс дуны иҟалеит ҳаԥсуа литератураҿы, ҳаԥсуа культураҿ ҳәа азгәеиҭеит Ахсалба арадиоефир аҿы.
"Иара аԥсуа сахьаркыратә литература агәыбылра икит дышқәыԥшӡаз. Иара дрыԥхьон иҭыҵуаз аԥсуа шәҟәқәа, иара убас европатәи алитературеи аурыс классикеи дрызҿлымҳан. Алықьса Гогәуа еснагь илаԥш ахуп адунеитә алитературатә процесс", - ҳәа иҳәеит алитератураҭҵааҩ.
Ахсалба еиҭеиҳәеит идиссертациатә усумҭа "Апсихологизм апроблема аԥсуа прозаҿы" ҳәа хьӡыс измоу аус шадиулоз, иҳәеит апсихологизм сахьаркыратә формак, стильк аҳасабала Алықьса Гогәуа ихьӡ ишадҳәалоу.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Алықьса Гогәуа раԥхьатәи ажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз, раԥхьаӡа иҩымҭа акьыԥхь абеит жә-класск рҿы аҵара аниҵоз, раԥхьатәи ишәҟәы ҭыҵит 1957 шықәсазы. Иара ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикеи иааидкыланы аизгақәа ҩажәа дравторуп. Иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рахь: англыз, анемец, аиспан, авенгер, польтәи, аболгар, иапониатәи. Алықьса Гогәуа аԥсуа литература аклассик ҳәа дыԥхьаӡоуп.