https://sputnik-abkhazia.info/20220305/asny-eitsyrdyrua-akhya-akhsalba-alysa-gogua-iazara-aydara-iazkny--1037902587.html
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Ахсалба Алықьса Гогәуа иҟазара аҷыдара иазкны
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Ахсалба Алықьса Гогәуа иҟазара аҷыдара иазкны
Sputnik Аҧсны
2022 шықәса Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иазгәеиҭоит ииубилеи, 90 шықәса ихыҵра. Ашәҟәыҩҩ ду иҩымҭақәа рыҵаулареи рҷыдареи ртәы арадио Sputnik... 05.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-05T11:20+0300
2022-03-05T11:20+0300
2022-03-05T11:51+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/03/1037903357_0:127:1281:847_1920x0_80_0_0_12804e2b1b10f1e5a6eeabd897060372.jpg
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Ахсалба Алықьса Гогәуа иҟазара аҷыдара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Ахсалба Алықьса Гогәуа иҟазара аҷыдара иазкны
Алықьса Гогәуа ицәырҵра хҭыс дуны иҟалеит ҳаԥсуа литератураҿы, ҳаԥсуа культураҿ ҳәа азгәеиҭеит Ахсалба арадиоефир аҿы."Иара аԥсуа сахьаркыратә литература агәыбылра икит дышқәыԥшӡаз. Иара дрыԥхьон иҭыҵуаз аԥсуа шәҟәқәа, иара убас европатәи алитературеи аурыс классикеи дрызҿлымҳан. Алықьса Гогәуа еснагь илаԥш ахуп адунеитә алитературатә процесс", - ҳәа иҳәеит алитератураҭҵааҩ.Ахсалба еиҭеиҳәеит идиссертациатә усумҭа "Апсихологизм апроблема аԥсуа прозаҿы" ҳәа хьӡыс измоу аус шадиулоз, иҳәеит апсихологизм сахьаркыратә формак, стильк аҳасабала Алықьса Гогәуа ихьӡ ишадҳәалоу.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.Алықьса Гогәуа раԥхьатәи ажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз, раԥхьаӡа иҩымҭа акьыԥхь абеит жә-класск рҿы аҵара аниҵоз, раԥхьатәи ишәҟәы ҭыҵит 1957 шықәсазы. Иара ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикеи иааидкыланы аизгақәа ҩажәа дравторуп. Иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рахь: англыз, анемец, аиспан, авенгер, польтәи, аболгар, иапониатәи. Алықьса Гогәуа аԥсуа литература аклассик ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/03/1037903357_62:0:1201:854_1920x0_80_0_0_68fa5b3bf878960933ac26724501b1da.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Ахсалба Алықьса Гогәуа иҟазара аҷыдара иазкны
11:20 05.03.2022 (ирҿыцуп: 11:51 05.03.2022) 2022 шықәса Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иазгәеиҭоит ииубилеи, 90 шықәса ихыҵра. Ашәҟәыҩҩ ду иҩымҭақәа рыҵаулареи рҷыдареи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит алитератураҭҵааҩ, знаукатә усумҭа уи иазызкыз Гурам Ахсалба.
Алықьса Гогәуа ицәырҵра хҭыс дуны иҟалеит ҳаԥсуа литератураҿы, ҳаԥсуа культураҿ ҳәа азгәеиҭеит Ахсалба арадиоефир аҿы.
"Иара аԥсуа сахьаркыратә литература агәыбылра икит дышқәыԥшӡаз. Иара дрыԥхьон иҭыҵуаз аԥсуа шәҟәқәа, иара убас европатәи алитературеи аурыс классикеи дрызҿлымҳан. Алықьса Гогәуа еснагь илаԥш ахуп адунеитә алитературатә процесс", - ҳәа иҳәеит алитератураҭҵааҩ.
Ахсалба еиҭеиҳәеит идиссертациатә усумҭа "Апсихологизм апроблема аԥсуа прозаҿы" ҳәа хьӡыс измоу аус шадиулоз, иҳәеит апсихологизм сахьаркыратә формак, стильк аҳасабала Алықьса Гогәуа ихьӡ ишадҳәалоу.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Алықьса Гогәуа раԥхьатәи ажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз, раԥхьаӡа иҩымҭа акьыԥхь абеит жә-класск рҿы аҵара аниҵоз, раԥхьатәи ишәҟәы ҭыҵит 1957 шықәсазы. Иара ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикеи иааидкыланы аизгақәа ҩажәа дравторуп. Иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рахь: англыз, анемец, аиспан, авенгер, польтәи, аболгар, иапониатәи. Алықьса Гогәуа аԥсуа литература аклассик ҳәа дыԥхьаӡоуп.