Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин: Украина арратә инфраструктуреи аҳаиртә хыхьчара асистемақәеи реиҳарак ықәаҳхит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5- Sputnik. Украина арратә инфраструктура ақәхразы аусура хыркәшахарц акгьы агым ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылатәи авиаеилахәырақәа рыԥырратә еилазаара иалоу аҳәса адынрыԥылоз асабша.
Реиԥылараҟынтәи ишиашоу аефир цон РИА Новости адаҟьаҿы.
"Раԥхьа иҟаҳҵаз - арратә инфраструктура ықәаҳхит. Зегьыҵәҟьа акәым, аиҳарак, ҷыдала иуҳәозар, абџьар, аџьаԥҳаны ахьышьҭаз ахыбрақәа, авиациа, Аҳаирҿагыларатә хыхьчара (ПВО) асистемақәа. Аҳаирҿагыларатә хыхьчара (ПВО) асистемақәа ракәзар, урҭ рықәхразы аамҭа аҭахуп: зны урҭ аарттәуп, нас иреихстәуп. Ари аус хыркәшоуп ҳҳәар ауеит", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит аоперациа аплан инақәыршәаны ишымҩаԥысуа.
"Ҳара ҳар аҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа зегьы шынанагӡо здыруеит. Уи азы агәыҩбара сымам", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Урыстәыла жәабран 24 рзы иалагеит Донбасс иқәынхо ауааԥсыра рыхьчарази Украина абџьарахыхреи анацистцәа рҟынтәи арыцқьареи рзы иҷыдоу арратә операциа. Асабша уажәшьҭа жәамшуп ари аоперациа цоижьҭеи. Урыстәыла Арбџьармчқәа рыцхыраара рыманы ДЖәР-и ЛЖәР-и рыруаа ажәылара шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит, дара ргәы иҭаӡам Украина ампыҵахалара, аҭынч уааԥсыра ирԥырхагаӡам.