https://sputnik-abkhazia.info/20220305/putin-ukraina-arrat-infrastrukturei-aairt-khykhchara-asistemaei-reiarak-yakhit-1037949435.html
Путин: Украина арратә инфраструктуреи аҳаиртә хыхьчара асистемақәеи реиҳарак ықәаҳхит
Путин: Украина арратә инфраструктуреи аҳаиртә хыхьчара асистемақәеи реиҳарак ықәаҳхит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 5- Sputnik. Украина арратә инфраструктура ақәхразы аусура хыркәшахарц акгьы агым ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин... 05.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-05T19:19+0300
2022-03-05T19:19+0300
2022-03-07T14:44+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
аполитика
владимир путин
джәр
лжәр
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/15/1037708099_0:46:3072:1774_1920x0_80_0_0_660e2ab1e5c18baa04be410caaac5438.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 5- Sputnik. Украина арратә инфраструктура ақәхразы аусура хыркәшахарц акгьы агым ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылатәи авиаеилахәырақәа рыԥырратә еилазаара иалоу аҳәса адынрыԥылоз асабша. Реиԥылараҟынтәи ишиашоу аефир цон РИА Новости адаҟьаҿы.Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит аоперациа аплан инақәыршәаны ишымҩаԥысуа."Ҳара ҳар аҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа зегьы шынанагӡо здыруеит. Уи азы агәыҩбара сымам", - ҳәа азгәеиҭеит иара.Урыстәыла жәабран 24 рзы иалагеит Донбасс иқәынхо ауааԥсыра рыхьчарази Украина абџьарахыхреи анацистцәа рҟынтәи арыцқьареи рзы иҷыдоу арратә операциа. Асабша уажәшьҭа жәамшуп ари аоперациа цоижьҭеи. Урыстәыла Арбџьармчқәа рыцхыраара рыманы ДЖәР-и ЛЖәР-и рыруаа ажәылара шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит, дара ргәы иҭаӡам Украина ампыҵахалара, аҭынч уааԥсыра ирԥырхагаӡам.
джәр
лжәр
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/15/1037708099_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_cf9c018165bb12ad1f588a57851eea26.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, владимир путин, джәр, лжәр
ажәабжьқәа, аполитика, владимир путин, джәр, лжәр
Путин: Украина арратә инфраструктуреи аҳаиртә хыхьчара асистемақәеи реиҳарак ықәаҳхит
19:19 05.03.2022 (ирҿыцуп: 14:44 07.03.2022) АҞӘА, хәажәкыра 5- Sputnik. Украина арратә инфраструктура ақәхразы аусура хыркәшахарц акгьы агым ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылатәи авиаеилахәырақәа рыԥырратә еилазаара иалоу аҳәса адынрыԥылоз асабша.
Реиԥылараҟынтәи ишиашоу аефир цон
РИА Новости адаҟьаҿы.
"Раԥхьа иҟаҳҵаз - арратә инфраструктура ықәаҳхит. Зегьыҵәҟьа акәым, аиҳарак, ҷыдала иуҳәозар, абџьар, аџьаԥҳаны ахьышьҭаз ахыбрақәа, авиациа, Аҳаирҿагыларатә хыхьчара (ПВО) асистемақәа. Аҳаирҿагыларатә хыхьчара (ПВО) асистемақәа ракәзар, урҭ рықәхразы аамҭа аҭахуп: зны урҭ аарттәуп, нас иреихстәуп. Ари аус хыркәшоуп ҳҳәар ауеит", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит аоперациа аплан инақәыршәаны ишымҩаԥысуа.
"Ҳара ҳар аҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа зегьы шынанагӡо здыруеит. Уи азы агәыҩбара сымам", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Урыстәыла жәабран 24 рзы иалагеит Донбасс иқәынхо ауааԥсыра рыхьчарази Украина абџьарахыхреи анацистцәа рҟынтәи арыцқьареи рзы иҷыдоу арратә операциа. Асабша уажәшьҭа жәамшуп ари аоперациа цоижьҭеи. Урыстәыла Арбџьармчқәа рыцхыраара рыманы ДЖәР-и ЛЖәР-и рыруаа ажәылара шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит, дара ргәы иҭаӡам Украина ампыҵахалара, аҭынч уааԥсыра ирԥырхагаӡам.