Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ар аҭынчра арежим ашьҭахь Украина имҩаԥнагоз арратә операциа иацнаҵеит

Украина абџьархыхразы иҷыдоу аоперациа Урыстәыла Арбџьармчқәа имҩаԥыргоит Донбасс аҭынч уааԥсыра рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Урыстәылатәи ар ажәыларақәа ҩаԥхьа ирылагеит асааҭ 18:00 инаркны украинатәи аган амилаҭеилыхыҩцәа аанкыланы аҭынчра арежим ақәныҟәареи ма уи ацҵареи ахьрылымшаз азы, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла атәтылахьчара аминистр аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков.
"Амилаҭеилыхыҩцәа рбатальонқәа аҭынчра арежим рхы иархәаны рҽеиҭнырыԥсахлеит, рпозициақәа дырӷәӷәеит", - иҳәеит иара.
Урыстәыла асабша асааҭ 10:00 инаркны аҭынчра арежим шаланагало азы аҳәамҭа ҟанаҵеит, аҭынч уааԥсыра Мариуполи Волновахеи ралҵра алыршаразы. Уи ашьҭахь ДЖәР аҿы ахәамҭа ҟарҵеит Волноваха ауаа ралгара украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа шаԥырхагоу, Мариуполь агуманитартә коридор аартра мап шацәыркыз. Мариуполь анапхгара ракәзар, аҭынч уааԥсыра ралгара аус ахыргеит.
"Урыстәылатәи ар ажәыларақәа ҩаԥхьа ирылагеит асааҭ 18:00 инаркны украинатәи аган амилаҭеилыхыҩцәа аанкыланы аҭынчра арежим ақәныҟәареи ма уи ацҵареи ахьрылымшаз азы", - сказал Конашенков.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: Украина арратә инфраструктуреи аҳаиртә хыхьчара асистемақәеи реиҳарак ықәаҳхит
Мариуполь 2014 шықәса рзы (ДЖәР ахала ахы аназханаҵа ашьҭахь - азгә.) иқәынхон 450 нызқьҩык ауааԥсыра, Донецк ашьҭахь иара аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит иқәынхо рхыԥхьаӡарала. Аха убри ашықәсан украинатәи амчрақәа ақалақь ҩаԥхьа рнапахьы иааргеит, Азов аԥшаҳәаҿы иҟаз мрагыларатәи араионқәа Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы зегь реиҳа ишәарҭаз ҭыԥхеит. Хәажәкыра хәба рзы Денис Пушилин аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина амчрақәа рнапаҿы иҟаз ақалақь зҭаркыз амацәаз еиҳа-еиҳа еиҵалоит.
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 ашьыжь шаанӡа. Урыстәыла ахада Владимир Путин уи хықәкыс иамоуп иҳәеит "аашықәса раахыс киевтәи арежим азқәымчуа, агеноцид иҭанаргыло ауааԥсыра рыхьчара" ҳәа. Убри азы, иара иажәақәа рыла, имҩаԥигарц игәы иҭоуп "Украина абџьарахыхреи анацистцәа рҟынтәи арыцқьареи", Донбасс атәылауаа рганахьала ацәгьуорақәа рзы аҭакԥхықәра зду рус аӡбара, ирыхәҭоу рақәыршәара. Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыцхыраарала ДЖәР-и ЛЖәР-и рыруаа ажәыларақәа мҩаԥыргоит. Уажәазы Луганск иахьаҵанакуа, Североднески Лисичнски рыда зегьы ахы иақәиҭтәуп. Убри аан, Урыстәыла ахада изныкымкәа ишиҳәахьоу ала, Украина ампыҵахалара аӡәгьы игәы иҭаӡам.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа рраунд ҿыц анымҩаԥысуа арыцхә азгәаҭам