Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа рраунд ҿыц анымҩаԥысуа арыцхә азгәаҭам

Аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи урыстәылатәии украинатәии аделегациақәа ҩынтә еиԥылахьеит - жәабран 28 рзи хәажәкыра 3 рзи. Ахԥатәи араунд ҳазҭагылоу аԥсшьарамшқәа рзы имҩаԥысраны иҟан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Урыстәыла иазԥшуп Украина аиҿцәажәарақәа рраунда ҿыц анымҩаԥысуа ҳәа арыцхә аназгәарҭо, макьана акгьы рымҳәацт ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, абри атәы ҳәоуп РИА Новости аҿы.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы инаҵшьны иазгәеиҭеит украинатәи аган есымшааира еиуеиԥшым аҿарԥақәа ԥшааны аиҿцәажәарақәа рраундқәа ишырнахо.
"Ҳара ҳделегауиа есымша итәаны иазԥшуп украинатәи аган аҟынтәи аинформациа, уаанӡатәи араундқәа раан еиԥш, уажәгьы. Аҭагылазаашьа џьоушьартә иҟоуп, зегьы ирҭахуп зегь ҭышәынтәалахарц, аха зегь реиҳа уи зҭаху украинатәи аган есымша аҿарԥақәа аԥшаауеит ҳаиԥыларақәа рнахаразы", - ҳәа реиҳәеит Лавров ажурналистцәа.
"Аҿҳәара ҿыцқәа рыӡбахә макьана иаҳмаҳацт, убри аан украинатәи аган ибзианы ирдыруан ҳара иахаахыс адәықәлара ҳшазыхиаз ахԥатәи араунд ахь", - иҳәеит Лавров.
Аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи урыстәылатәии украинатәии аганқәа ҩынтә еиԥылахьеит - жәабран 28 рзи хәажәкыра 3 рзи. Аҩбатәи араунд алҵшәақәа рыла агуманитартә зҵаарақәа рҿы аилибакаарахь икылсит. Анаҩс Урыстәылеи Украинеи агуманитартә коридорқәеи аҭынч уааԥсыра ишәарҭоу аҭыԥқәа ралҵшьа амҩақәеи еицазгәарҭеит. Асабша асааҭ 10:00 инаркны Урыстәыла аҭынчра арежим аланагалеит аҭынч уааԥсыра алҵразы, иазгәаҭан Мариупольнтәи 200 нызқьҩык ауааԥсыра, Волновахантәи - 10 нызқьҩык ауааԥсыра алгахоит ҳәа. Аха макьана иалҵны ицаз рыӡбахә ыҟам.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь аҭынч уааԥсыра ралҵра иаԥырхагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ДЖәР аҿы