Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Украина арратә инфраструктура аобиектқәа 2203 ықәырхит

Украина абџьарахыхразы арратә операциа мҩаԥысуеит жәабран 24 раахыс, урыстәылатәи Арбџьармчқәа арратә инфраструктура икылкааны еихсны иқәырхуеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Урыстәыла ар аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи Украина арратә обиектқәа 2200 инареиҳаны иқәнаххьеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков иажәақәа шьаҭас иааганы.
"Аоперациа иалагеижьҭеи Украина аратә инфраструктура аобиектқәа 2203 ықәаҳхьеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Украина арҩџтармчқәа рнапхгараҭаратәи реимадаратәи ҭыԥқәа 76, азенит-ракетатә комплексқәа ПВО С-300, "Бук М-1" и "Оса" 111 цыра, иара убас арадиолокациатә станциақәа 71", - ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит аинрал.
Конашенков иажәақәа рыла, иара убас "иԥжәоуп 69 ҳаирплан адгьыл аҿы, 24 - аҳауаҿы, 778 танки егьырҭ акәылӡтәы арратә техникеи, ареактивтә зныкҟьаратә хысгатә системақәа 77, адәынтәи артиллериатә бџьарқәа 279, иҷыдоу арратә автомобильтә техника 553, иара убас аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 62".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: Украина арратә инфраструктуреи аҳаиртә хыхьчара асистемақәеи реиҳарак ықәаҳхит
Иацы Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина арратә инфраструктура ақәхразы аусура ахыркәшарахь анеира ишаҿуп, аоперациа аплан инақәыршәаны ишымҩаԥысуа.
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 ашьыжь шаанӡа. Урыстәыла ахада Владимир Путин уи хықәкыс иамоуп иҳәеит "аашықәса раахыс киевтәи арежим азқәымчуа, агеноцид иҭанаргыло ауааԥсыра рыхьчара" ҳәа. Убри азы, иара иажәақәа рыла, имҩаԥигарц игәы иҭоуп "Украина абџьарахыхреи анацистцәа рҟынтәи арыцқьареи", Донбасс атәылауаа рганахьала ацәгьуорақәа рзы аҭакԥхықәра зду рус аӡбара, ирыхәҭоу рақәыршәара. Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыцхыраарала ДЖәР-и ЛЖәР-и рыруаа ажәыларақәа мҩаԥыргоит. Убри аан Украина ампыҵахалара аӡәгьы игәы иҭаӡам, аҭынч уааԥсыра ирылакьысӡом.