Аԥсны

Амашьынарныҟәцаҩцәа рхеилак Донбасснтәи Аԥсны иҟоу ахҵәацәа афинанстә цхыраара рырҭеит

Амашьынарныҟәцаҩцәа рхеилак алахәылацәа атәылауаа рахь аҳәара ҟарҵеит Донбасснтәи Аԥсны иҟоу ахҵәацәа активла ацхыраара рырҭарц.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥсны амашьынарныҟәцаҩцәа рхеилак Донбасснтәи Аԥсны иҟоу ахҵәацәа рзы 50 нызқьмааҭи, иара убас Донецки Лугански рхақәиҭра иазықәԥо аԥсуа хатәгәаԥхаҩцәеи рзы аԥара еидыркылеит.
Аԥарақәа арҭ аҩ-гәыԥк ирзеихшахоит.
"Аԥсны амашьынарныҟәцаҩцәа рхеилак агәаҟра иҭагылоу Донецки Лугански руааԥсыра ацхыраара рыҭара руалԥшьаны ирыԥхьаӡоит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.
Аԥсны
Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Донбасснтәи ахҵәацәа дырҭааит
Ахеилак аҟны ирҳәеит, Донбасс ауааԥсыра рыхьчаразы Урыстәыла имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа адгылара шарҭо, иара убас Аԥсны ахада Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рыцхырааразы имҩаԥиго агуманитартә акциа ишадгыло.
Аԥсны Донбасснтәи ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аидкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.
Уи аԥхьа Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аԥсны атуристтә еилазаарахь ааԥхьара ҟаиҵеит Донбасснтәи ахҵәацәа ацхыраара рырҭарц.