Аԥсны

Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Донбасснтәи ахҵәацәа дырҭааит

Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны иҩноуп Донбасснтәи Аԥсныҟа иаагоу ахҵәацәа шәҩык инареиҳаны, реиҳараҩык аҳәсеи ахәыҷқәеи роуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7- Sputnik. Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Донецки Лугански рҟнытәи ахҵәацәа дырҭааит хәажәкыра 7 азы.
Аелита Ахьиԥҳа аиԥылараҟны иазгәалҭеит, аԥсуа жәлар аамҭа хьанҭақәа шырхыргахьоу, лымҳаҭасла акәымкәа ишырдыруа иуадаҩу аамҭазы ацхыраара иаҵанакуа атәы.
1 / 4

Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Донбасснтәи ахҵәацәа дырҭааит

2 / 4

Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Донбасснтәи ахҵәацәа дырҭааит

3 / 4

Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Донбасснтәи ахҵәацәа дырҭааит

4 / 4

Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Донбасснтәи ахҵәацәа дырҭааит

"Шәгәыразреи шәыԥшӡареи шәыгымхааит, шәызхысуа ауадаҩрақәа ирхьмырԥшкәа шәхәыҷқәа рааӡара шәылшарц шәзеиӷьасшьоит. Шәгәалашәараҿы арҭ аамҭақәа бзиараны ишәгәалашәарц сҭахуп, даҽазны аԥсшьаҩцәа раҳасабала шәаҳзаарц алшара ҟаларц сҭахуп. Есымшагьы ҳшәеигәырӷьоит. Агәыразра аиааиуеит, шәгәы кашәмыжьын", - лҳәеит лара.
Ахҵәацәа Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс ҭабуп ҳәа ларҳәеит, иазгәарҭеит атәыла аиҳабыра ахылаԥшра бзиа шрырҭо - ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчеи ашколи рахь иныҟәоит, аекскурсиақәа рзымҩаԥыргоит.
Аԥсны
Аԥснытәи аинтеллигенциа Украина иҟоу аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭеит
Аелита Ахьиԥҳа аҳәса ирыдылныҳәалеит иааираны иҟоу аныҳәа Март 8.
Донецки Лугански рҟынтәи раԥхьатәи ахҵәацәа Аԥсныҟа иааргеит жәабран 24 азы, аҩбатәи агәыԥ - хәажәкыра 2 азы. Иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра.
Ахҵәацәа арахь раагара мҩаԥысуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала. Ауаа раагара аиҿкааразы хаҭала Донбассҟа дцеит АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.