Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аинтеллигенциа Украина иҟоу аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭеит

© AFP 2023 / MANDEL NGANЧеловек держит украинский флаг, когда активисты собираются на площади Лафайет в знак протеста против вторжения России в Украину в Вашингтоне
Человек держит украинский флаг, когда активисты собираются на площади Лафайет в знак протеста против вторжения России в Украину в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Анапаҵаҩра
Ҩымчыбжь ирықәуп Урыстәыла Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда мҩаԥнагоижьҭеи.
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аԥсны иқәынхо ажәлар агәҭынчымра аадырԥшуеит Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа инарыдҳәаланы Урыстәыла акәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәа ҳәа рҳәеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи.
Аколлективтә ҳәамҭа рнапы аҵарҩит: Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа, ашәҟәыҩҩцәа - Вахтанг Абхазоу, Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәулаа, Гунда Кәыҵниаԥҳа, Анзор Мықәба, Инна Ҳашԥҳа, афилологцәа Арда Ашәба, Уасил Аҩӡба.

"Аԥсни Урыстәылеи Украинеи жәытәаахыс адинтәи акультуратәи еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Иахьа ҳара гәҭынчрала ҳзахәаԥшуам аокеан нырцә инхо адунеи алахьынҵа шырӡбо, Украина аҵакыра Урыстәылеи урыстәылааи ирҿагыло ҳәынҭқарраны иҟаҵаны, аиашьаратә жәларқәа ҩба еинҟьаны, рхатәы агеополитикатәии агеостратегиатәии усқәа шырыӡбо", - ҳәа аҳәоит жәеизаҩык аԥсуа интеллигенциа рнапы зҵарҩыз аҳәамҭа.

Аҵарауаа иазгәарҭеит Аԥсны ибзианы ишырдыруа аҭынчра ахәшьара. Иарбан еибашьразаалак - рыцҳароуп, гәаҟроуп, лаӷырӡуп, харҭәаашьа змам цәыӡуп ҳәа азгәарҭоит дара. Арыцҳарақәа ирылҵны, аекономикатәии аполитикатәии ҭахкаара иаиааины Аԥсны ахатә ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара алнаршеит, Урыстәыла ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь аҿиара амҩа ианылеит ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
"Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи ианҭагылаз аамҭазы Украина адгылара, агәырӷәӷәара ацынхәрас Қырҭтәылаҟа шәҩыла абџьар зкыз ауаа нанашьҭит, УНА-УНСО агәыԥқәа рҟынтәи. Ақырҭуа қәылаҩцәа ирылахәны урҭ аԥсуаа адунеи раныӡааразы еибашьуан. Аригьы хашҭшьа амам". - ҳәа азгәаҭоуп ашәҟәаҿы.
Ауаажәларра рхаҭарнакцәа рҳәамҭаҿы Мраҭашәара донбасстәи ареспубликақәа рганахь ала ахымҩаԥгашьагьы иавымсит.
Ситуация в Донецкой народной республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Аԥсны ауаажәларратә палата Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда иадгылоит
"Ицәаԥҽыгароуп, Мраҭашәара адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәеи ирылацәажәо аа-шықәса дуӡӡа Донбасс аҭынч уааԥсыра рганахь ала Киевтәи арежим агеноцид аполитика ахьымҩаԥырго иахьадгыло, иахьаԥырхагам. Рыгәра злоугарызеи аполитикцәа, жәларбжьаратәи азинхьчаратә еиҿкаарақәа Донецки Лугански 13 000-ҩык руааԥсыра, ахәыҷқәа, абыргцәа, аҳәса рҭахара зымбошәа ҟазҵо, зыбла ацәызҵәахуа?" - азҵаара ҟарҵоит ашәҟәыҩҩцәа.
Дара иазгәарҭеит 2014 шықәсатәи ахҭысқәа рышьҭахь Аԥсны Донбасс иалшоз ала агуманитартә цхыраара шанаҭоз, ахҵәацәа шаднакылоз. Москва инашьҭарххны Аҟәа ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымра азханаҵеит. Убри аан Мраҭашәара арҭ арегионқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа, ихақәиҭрақәа аҭыԥ рымамызшәа ахы мҩаԥнагон.
"Иахьа мраҭашәаратәи аполитикцәеи урҭ ирыцзырӷызуеи, азин зыхьчо ракәушәа рҽыҟаҵаны адунеи аҿы еицазхарҵахьо анормақәеи апринципқәеи ршьаҽуеит, европатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо урыстәылатәи астудентцәа аҵара азин рымархуеит, асанкциақәа рыдҟарҵалоит аспортсменцәа, акультура аусзуҩцәа. Ари ацивилизациатә дунеи иацәтәымуп. Ҟалашьагьы амамзароуп", - ҳәа азгәарҭоит аԥсуа интеллигенциа.
Дара ақәгәыӷуеит Урыстәыла, Украина абџьархыхразы имҩаԥнаго ашьаҿақәа аамҭалатәиуп ҳәа. Ари зыда ԥсыхәа ҟамлаз уснагӡатәуп, атәылақәа рыҩбагьы Мраҭашәара иҟанаҵо арра-политикатә қәыӷәӷәара аԥзырҟәҟәаауа шьаҿоуп.
Урыстәылеи Украинеи, егьырҭ адунеи иқәынхо аҭынчра бзиа избо ажәларқәеи аԥсуа интеллигенциа аҭынчра, аилибакаара, адипломатиатә мҩала ахымҩаԥгара рзеиӷьаршьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0