АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра Донбасс азы агуманитартә цхыраара еидыркалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Арыцҳашьара злоу ҳтәылауаа иаҳзааргоит аӡы, ахрыӷқәа, рыхҩарақәа, лассы иԥхасҭамхо афатәқәа, ацитрусқәа, ахәыҷқәеи адуцәеи рзы амаҭәа, арыцқьагақәа.
Иара убас, иҟоуп ҳтәылауаа Донецки Лугански руааԥсыра рзы афинанстә цхыраара ҟазҵогьы.
Аԥсны АҶА агуманитартә цхыраара шеидыркыло азы алаҳәара ҟарҵеит, ацхыраара зҭаху иадҵааларц рылшоит абри аҭыӡҭыԥ ала: ақалақь Аҟәа, Аконфедератцәа рымҩа, 12, аҭелқәа: 226-30-49, 229-75-57, ацхыраара рыдыркылоит уахи-ҽни, ԥсшьарада.
Украина мрагыларатәи ахәҭаҟны аҭагылазаашьа аҽанарцәгьа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рҭынчуааԥсыра иалҵны ицеит. Аҳәсеи ахәыҷқәеи злоу шәҩык инареиҳаны ахҵәацәа аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟны иҟоуп. Аԥсны атәылауаа, аибашьра закәу бзианы издыруа, ахҵәацәа ирыцхраауеит, апансионат ахь ирызнаргоит амаҭәа, ахәмаргақәа, афатә-ажәтә.