Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Донбасстәи ахәыҷқәа аҟәатәи ашкол аҿы аҵара рҵалоит

© Foto / Администрация города Сухум Дети беженцы Луганской и Донецкой
Дети беженцы Луганской и Донецкой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра. Урҭ рҟынтәи қәрала еиԥшым 50 – ҩык ахәыҷқәа.
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аҟәа ахадара Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рҟынтәи ахәыҷқәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь рынашьҭра азҵаара рыӡбеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь апресс-маҵзура.

"Иахьа Комаров ихьӡ зху афбатәи ашкол 5, 8, 9, 10 аклассқәа ирыҵаркуа аҵаҩцәа рзы ашәқәа аанартит. Аҵаҩцәа ԥхарра дула рықәлацәа рыдыркылеит. Ахәыҷқәа аус рыдылулоит аԥсихолог. Арҵаратә коллектив ахәыҷқәа рҵагашәҟәыла, иахәҭоу ахархәагақәа рыла, фатәы-ԥхала еиқәдыршәоит", - лҳәеит Аҟәа ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

Иеиҵақәоу рзы арҵаҩцәа дара рахь иааиуеит. Ахәыҷбаҳчақәа ирыҵаркуа ахәыҷқәа "Звездочка" ахь иныҟәалоит.
Арҵаҩцәа аматериалтә цхыраарагьы ҟарҵоит. Убас, аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол аҿы 40 нызқьмааҭи ацәамаҭәеи еизыргеит.
Аслан Бжания  встретился с беженцами из ДНР и ЛНР в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит
Донбассынтәи раԥхьатәи ахҵәацәа зҭаз автобусқәа ареспубликахь иааит жәабран 24 азы.
Аԥсны урҭ гәыкала ирыдкылан. Ацхыраара роуеит аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи иара убасгьы ауааԥсыра. Атәылауаа, аибашьра закәу бзианы издыруа, ахҵәацәа рыцхраара уалԥшьаны иахәаԥшуеит.
Ус шакугьы иахьа ихҵәаз ақәгәыӷуеит аибашьра еилганы ирласны рыҩнқәа рахь игьыжьып ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0