Аԥсны

Лугански Донецки Жәлар рреспубликақәа рыдгыларазы акциа мҩаԥган Аҟәа

Ауснагӡатә еиҿыркааит Аԥсны аҿар рхеидкыла "Аԥеиԥши" Аԥсны амашьынарныҟәцаҩцәа рхеилаки.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лугански Донецки Жәлар рреспубликақәа рыдгыларазы акциа "Z" мҩаԥган Ахақәиҭра ашҭаҿы, Аҟәа хәажәкыра 7 азы.
Ауснагӡатә аламҭалазы Аԥсны аҿар рхеидкыла "Аԥеиԥш" ахаҭарнак Инал Инаԥха иҭахаз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәарц рыдигалеит. Уи ашьҭахь ацәажәарақәа ирылагеит.
Аԥсны
Амашьынарныҟәцаҩцәа рхеилак Донбасснтәи Аԥсны иҟоу ахҵәацәа афинанстә цхыраара рырҭеит
"Ҳара ари аҩыза ҳхаагахьеит, изаку аадыруеит аҭынчуааԥсыра, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳгәылацәа анҭахо. Ҳара иахьа ҳаизеит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара шаҳҭо ааҳырԥшырц. Уи ахықәкы ауааԥсыра ҭынч инхарц ауп", - иҳәеит акциа алахәыла Адгәыр Ашәба.
Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз ауаа рнапаҟны иркын Аԥсуа, аурыс, ДЖәР, ЛЖәР рбираҟқәа.
Ақәгыларақәа рышьҭахь акциа алахәылацәа Аҟәеи Аҟәа араиони рмашьынақәа рыла иалсит.
Украина мрагыларатәи ахәҭаҟны аҭагылазаашьа аҽанарцәгьа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рҭынчуааԥсыра иалҵны ицеит. Аҳәсеи ахәыҷқәеи злоу шәҩык инареиҳаны ахҵәацәа аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟны иҟоуп. Аԥсны атәылауаа, аибашьра закәу бзианы издыруа, ахҵәацәа ирыцхраауеит, апансионат ахь ирызнаргоит амаҭәа, ахәмаргақәа, афатә-ажәтә.
Аԥсны
Аԥсны ауааԥсыра Донбасс азы агуманитартә цхыраара еидыркалеит