АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы ирыдиныҳәалеит Аҳәса жәларбжьаратәи рымш. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш – Хәажәкырамза 8! Ари ааԥын ныҳәа ссир аԥшӡареи ахаареи ирсимволуп, ԥхаррала, гәыблыла иҭәуп. Иахьа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп ҭаацәацыԥхьаӡа шәара шәыла иҩноу абзиабара, иҟоу аҳаҭыреиқәҵара, аилибакаара рзы", - иҳәеит ахада.
Иара иазгәеиҭеит аҳәса ишеиларгӡо ҩнаҭацыԥхьаӡа ахәшҭаареиқәырхарагьы азанааҭтә усурагьы реилагӡара шрылшо.
"Шәара шәыла ахәышҭаарақәа рыԥсы ҭоуп еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны имҩаԥыжәго азанааҭтә усура инаваргыланы. Шәара дәныҟала ишәныԥшуа аԥсыҽра акгьы аанагаӡом аҳаракыра дуқәа рышҟа ахалара аншәылшо. Ҳазҭагылоу аамҭа зеиԥшразаалак, шәара шәааигәа иҟоу ирыгӡам агәцаракра, ахылаԥшра, аԥхарра. Шәара ишәыбзоураны ҳаԥсҭазаара иаҳа иразуп, илашоуп", - ҳәа инаҵишьит атәыла ахада.
Аслан Бжьаниа ҷыдала иазгәеиҭеит аҳәса еиҵарааӡаз аҵеицәа шракәыз ҳажәлар Аиааира рзаазгаз, Аԥсадгьыл ахьчаразы хамеигӡарада игылаз. Иара ари аныҳәамш азы аҳәса зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, алахҿыхра, аныҳәатә гәалаҟазаара.