Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҭынчра арежим аланагалеит Украина ақалақьқәа хәба ауааԥсыра рылҵырц азы

Иацы имҩаԥысит аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа ахԥатәи рраунд, аха аҩганкгьы ари аиԥылара алҵшәақәа ргәаԥхом, ариабжьарак иҵегьы рҽеимардарц ргәы иҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҭынчра арежим аланагалеит Украина ақалақьқәа хәба ауааԥсыра рылҵырц азы алшара рыҭаразы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков иажәақәа ааганы.
"Аиланхарҭақәа аҭынч уааԥсыра ашәарҭара иҭамыргылакәа ралгаразы иахьа москватәи аамҭа асааҭ 10 инаркны "аҭынчра арежим" алаагалоит, Киев, Чернигов, Сум, Харьков, Мариуполь рҟынтәи агуманитартә коридорқәа ааҳартуеит", - иҳәеит иара.
Уажәазы еилкаауп Киев шақәҳаҭхаз Сум аҟынтәи Полтаваҟа агуманитартә коридор аартра, абри азы адырра ҟалҵеит Украина аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ирина Верешьук.
Ари акоридор ала аколонна дәықәлар акәын асааҭ 11:00 рзы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ихыркәшоуп аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа ахԥатәи аиқәшәара