Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Ихыркәшоуп аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа ахԥатәи аиқәшәара

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПереговоры России и Украины в Гомельской области
Переговоры России и Украины в Гомельской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2022
Анапаҵаҩра
Аиԥылара мҩаԥысит Белоруссиа Бресттәи аоблост аҟны х-сааҭк инарзынаԥшуа.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа хыркәшахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Белоруссиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәараҭа шьаҭас иааганы.
Аиҿцәажәарақәа ахԥатәи аиԥылара уаанӡатәиқәа реиԥш имҩаԥысуан Белоруссиеи Польшеи рҳәааҿы Бресттәи аоблост аҟны, аганқәа еицәажәон х-сааҭк инарзынаԥшуа.
Аиҿцәажәарақәа рлыҵшәақәа рыла, урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы Владимир Медински иҳәеит украина аганахь ала дара ззыԥшыз шьақәнамырӷәӷәеит ҳәа. Иара иҳәеит Урыстәыла азҵаара ҵарны ишықәнаргыло агуманитартә мҩа аартраз. Украина аганахь ала иақәдыргәыӷит уаҵәы уи аус шауа азы.
Медински иажәақәа рыла, украинатәи аделегациа урыстәылантәи иааргаз ашәҟәқәа зегьы ианцоз иргеит адырразы.
Украинатәи аделигациа алахәыла Владимир Зеленски иабжьгаҩ Михаил Подолиак Twitter аҟны икьыԥхьит авидеоаапхьара, уаҟа иҳәоит аиҿцәажәарақәа рҿы Киев азы акрызҵазкуа лҵшәа ыҟам, аинышәареи, ахымца аанкылареи азҵаарақәа рзы аилацәажәарақәа ирыцҵахоит ҳәа.
Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит аимадарақәа рыцҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0