Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зеленски Америка ахьӡала аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина НАТО алалара азҵаара ишацәыхьшәашәахаз

Иреиҳаӡоу Арада 2014 ԥхынҷкәынмзазы мап ацәнакит Украина аблокнҭыҵтәи астатус, 2019 шықәса жәабранмзазы Аконституциахь аиҭакрақәа аланагалеит Евроеидгылеи НАТО-и ралаларазы акурс ашьақәырӷәӷәаразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Владимир Зеленски америкатәи ателеканал ABC аефир аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО алаларазы азҵаара дшацәыхьшәашәахаз, избанзар еиликааит урҭ Урыстәылеи дареи реиҿагылара иахьацәшәо азы Украина ралианс алаҵара ишазыхиам.
Аинтервиу аан Украина ахада азҵаара ирҭеит Москва арратә операциа ааннакыларазы Украина НАТО алалара мап ацәнакыроуп ҳәа иқәнаргылаз адҵа дшазыҟоу азы.
"Сара НАТО алалара азҵаара сацәыхьшәашәахеижьҭеи акрааҵуеит, избанзар ҳара еилаҳкааит НАТО Украина адкылара ишазыхиам. Алианс уи амшала Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьа еибарххар ҳәа ишәоит", - иҳәеит Зеленски.
Иара иазгәеиҭеит Украина "ашьамхы арсны" НАТО акы ишамыҳәо, иара убас Украина ауаа аҭахара иахьаҿу мраҭашәаратәи атәылақәа ишырхараиҵо, дара Украина аҳаирпланқәа рахаԥырра аанкылара мап ахьацәыркыз азы, ҳаирпланла иахьрыцымхраауа азы.
Уаанӡа Украина ахада иофис анапхгаҩы Михаил Подолиак мраҭашәаратәи рколлегацәа шәыргәындақәоуп ҳәа рхиҳәааит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла азыхиоуп ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Украина ацәажәара
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 ашьыжь шаанӡа. Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыцхыраарала ДЖәР-и ЛЖәР-и рыруаа ажәыларақәа мҩаԥыргоит. Убри аан Украина ампыҵахалара аӡәгьы игәы иҭаӡам, аҭынч уааԥсыра ирылакьысӡом ҳәа изныкымкәа иазгәеиҭахьеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.