Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ аҟны ирҳәеит Жәлар Реизарахь алхрақәа рахь аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы, абжьыҭара еиҿкаахоит 35 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны Жәлар Реизарахь алхрақәа рахь аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп, абри атәы иҳәеит АКХ алахәыла Алиас Бранӡиа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизара алхрақәа рахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа 30-ҩык ааԥхьара рымоуп
Иажәақәа рыла, алхратә биуллетенқәа кьыԥхьуп, алхратә ҭыԥқәа рахь анагаразы ихиоуп. Акомиссиақәа рыҩнуҵҟа аиҿкааратә усурақәа цоит, анаԥшцәеи акандидатцәа рҟынтәи агәрагаҩцәеи аршаҳаҭгақәа рырҭоит.
"Иара убас акомиссиақәа ирыҭан абиуллетенҭаԥсарҭақәа (урны - аред.), урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп инаргааргогьы. Ҽнак-ҩымш шыбжьоу алхратә комиссиақәа абиуллетенқәа шаны ирыҭахоит", - иҳәеит Бранӡиа.
Иара иазгәеиҭеит, аҭыԥантәи алхратә комиссиа алахәылацәа акоронавирус аҟынтәи аҽацәыхьчагақәа - асабрадақәа, анапҭарԥақәа, арзҩыдагатәқәа рыла еиқәыршәахоит.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра алхрақәа рыламҭалаз COVID-19 азы азԥхьагәаҭарақәа акьыԥхьит
Бранӡиа иажәақәа рыла, алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны Аԥсны ААР аусзуҩцәа ыҟазаауеит. Иара убас АКХ аҟны апресс-центр аус аулоит.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанзаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ.
Жәабран 10 раахыс АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса. Бжьаратәла, адепутатк ҭыԥк ахь хҩык ықәгылоуп. Акандидатцәа зегь реиҳа иреиҵоу 25 шықәса ихыҵуеит, зегь иреиҳабы -75.