App Store аҿы урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла аԥарашәара аанкылахоит

Аилахәыра Apple, егьырҭ америкатәии мраҭашәаратәии аилахәырақәа реиԥш Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны Урыстәыла аалыҵ аҭира ишаҟәыҵуазы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. App Store аҿы урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла аԥарашәара аанкылахоит хәажәкыра 10 инаркны ҳәа аҳәоит Альфа-банк Telegram-канал аҿы.
Убри аан зыхә ршәо ацҵақәа рхархәашьақәа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп.
"Уаҵәы App Store аҟны урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла аоперациақәа ирҟәыххоит, аха иҟоуп уаанӡеиԥш аусуразы ҩ-хархәашьак", - аҳәоит абанк.
Актәи: заанаҵы Apple ID аԥараҭаҵара.
Аҩбатәи: Apple ID аҭел аномер ала ахарҭәаара.
iOS зцу агаџьетқәа ҭзыжьуа америкатәи аилахәыра Apple украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны Урыстәыла иахьаҵанакуа аҭирақәа ааннакылоит. Уи адагьы, асистемақәа Visa, Mastercard русура ахьаанкылахаз азы амаҵзурақәа Apple Pay, Google Pay русурагьы ԥкуп.
Visa урыстәылатәи аԥарахсаалагақәа русура аҿҳәара даҽа мышкы ацнаҵеит