Боррель: ЕЕ Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәкра ргәы иҭам

Аҩашаҽны ЕАА ахада Џьо Баиден аҳәамҭа ҟаиҵеит урыстәылатәи аенергомҩангагақәа мап шырцәыркуазы, Европа арҭ асанкциақәа ишрызрыдымгыло дыруа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Европатәи аидгыла ЕАА инашьҭарххны аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәкра агәы иҭам ҳәа иҳәеит ЕЕ адипломатиа ахада Жозеп Боррель. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал al-Jazeera адыррақәа шьаҭас иҟаҵо.
"Урыстәылатәи амчхарақәа римпорт мап ацәҳкуам . абри азҵаараҿы Баиден ишьҭра ҳзықәлом", - ҳәа иҳәеит Боррель.
Иара иажәақәа рыла ЕЕ еснагь агаз альтернативақәа ирышьҭоуп "апартниор игәра агара ахьалымшо азы".
Иара убасгьы иҳәеит Украина ЕЕ иалалар шалшо аха иаразнакы акәымкәа. Ачынуаҩ иҳәеит Украина Урыстәыла азы ишшәарҭам, убри аан ЕЕ Киев Москва иабашьларц ишагәҭамсуа.
ЕАА Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәнакуеит ҳәа иҳәеит Баиден