https://sputnik-abkhazia.info/20220309/eaa-urystylanti-aenergomangagaa-rimport-map-atsnakueit-a-ieit-baiden-1038000170.html
ЕАА Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәнакуеит ҳәа иҳәеит Баиден
ЕАА Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәнакуеит ҳәа иҳәеит Баиден
Sputnik Аҧсны
Хәажәкыра 8 рызтәи адыррақәа рыла, ЕАА абензин ахә аҭоурыхтә максимум аҿы иҩеит, 4,17 доллар иаԥсахеит галлонк (3,785 литра). 09.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-09T09:55+0300
2022-03-09T09:55+0300
2022-03-09T10:21+0300
ажәабжьқәа
аполитика
аекономика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/19/1037787161_0:155:2765:1710_1920x0_80_0_0_54e8919e821c66c729d73b8141481a18.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа украинатәи аҭагылазаашьа инадҳәаланы Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәнакуеит, ари аӡбара апартиақәа рыҩбагь адгылоит, атәыла зегь адгылоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА ахада Џьо Баиден.Телехәаԥшрала ауааԥсыра рахь иааԥхьараҿы ахада аимпорт мап шацәыркуа атәы иҳәеит.Убри аан иазгәеиҭеит ари абылтәы ахә ишацнаҵо. Америка Украина аибашьра иалагазар галлонк азы абылтәы ахәԥса 75 цент ихалахьеит.Уи аԥхьа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, иазгәеиҭеит урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеитә џьармыкьа еиланажьуеит, баррельк ахәԥса 300 доллар инеиҳаны ишьақәнаргылоит ҳәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20220308/novak-urystylati-anef-map-atskra-adunei-ay-iuzmyreiua-ashararaa-tsyrnagoit-1037992604.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/19/1037787161_139:0:2626:1865_1920x0_80_0_0_30143514eb96476b4ce4783e7cb99af5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, аекономика
ажәабжьқәа, аполитика, аекономика
ЕАА Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәнакуеит ҳәа иҳәеит Баиден
09:55 09.03.2022 (ирҿыцуп: 10:21 09.03.2022) Хәажәкыра 8 рызтәи адыррақәа рыла, ЕАА абензин ахә аҭоурыхтә максимум аҿы иҩеит, 4,17 доллар иаԥсахеит галлонк (3,785 литра).
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа украинатәи аҭагылазаашьа инадҳәаланы Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәнакуеит, ари аӡбара апартиақәа рыҩбагь адгылоит, атәыла зегь адгылоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА ахада Џьо Баиден.
Телехәаԥшрала ауааԥсыра рахь иааԥхьараҿы ахада аимпорт мап шацәыркуа атәы иҳәеит.
"Ари аӡбара аконгресс аҿы апартиақәа рыҩбагь адгылеит, сгәы иаанагоит атәыла зегь адгылоит ҳәа", - иҳәеит Баиден.
Убри аан иазгәеиҭеит ари абылтәы ахә ишацнаҵо. Америка Украина аибашьра иалагазар галлонк азы абылтәы ахәԥса 75 цент ихалахьеит.
Уи аԥхьа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, иазгәеиҭеит урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеитә џьармыкьа еиланажьуеит, баррельк ахәԥса 300 доллар инеиҳаны ишьақәнаргылоит ҳәа.