Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ЕАА иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит Вашингтон Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда изацәшәо

Пентагон, Анатоли Антонов иажәақәа рыла, Украина аҵакыраҿ иҟоу абиолабораториақәа рҿы имҩаԥырго аусурақәа рҿаҵаҩыс иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА) Аҳәынҭдепартамент Украинатәи абиолабораториақәа рзы аҳәамҭа иаанарԥшуеит урыстәылатәи ар уа иҵәаху ачымазара зырҵысуа апатогенқәа рбар ҳәа ишшәо иҳәеит ЕАА иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов.
Уаанӡа ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Викториа Нуланд илҳәахьан Украина абиологиатә ҭҵаарақәа робиектқәа шыҟоу. Киеви Вашингтони уажәы уа ишьҭоу аматериал аурысқәа рнапахьы имнеирц иалшо ҟарҵоит.
"Аҳәынҭдепартамент Украинатәи абиолабораториақәа рзы аҳәамҭа иаанарԥшуеит урыстәылатәи ар, аекспертцәа уа иҵәаху ачымазара зырҵысуа апатогенқәа рбар ҳәа ишшәо. Усеиԥш ҟалар, иааԥшуеит Украинеи ЕАА-и абиологиатә бџьар мап ацәкразы Аконвенциа шеиларгоз", — ҳәа иҳәамҭа аанагоит Ацҳаражәҳәарҭа Telegram-канал аҿы.
Антонов идыррақәа рыла, урыстәылатәи ар Украина арра-биологиатә программа ашьҭамҭақәа киевтәи арежим ишықәнарыцқьо азгәарҭахьеит.
Иқәыргаз иреиуоуп "амырза, ажәзҩа, тулиаремиа, аҭалоу уҳәа назлоу аԥсра зхылҿиаауа ачымазарақәа зырҿкуа апатогенқәа".