Путин ахьеиларҭәа иақәу ахәԥсацҵаз ашәахтә ахатәхаҿқәа рзы иаԥихит

Уаанӡа атәылауаа иаархәаз аметалл жәлабзиақәа 20% НДС рықәырҵон.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ахатәхаҿқәа рзы аинвестициатә хьы иақәыз ахәԥсацҵаз ашәахтә ақәихит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҿы.
Азакәан инақәыршәаны, НДС рықәхуп ахатәхаҿқәа абанкқәа рҟны ахьеиларҭәақәа анаархәо аоперациақәа раан.
Азакәан ашьҭахьхынҳәратә мчра амоуп.
Уаанӡа ахатәхаҿқәа аметалл жәлабзиақәа аархәар рылшон 20% азыԥҵәала НДС шәаны. Ахьеиларҭәа ырхынҳәны абанк иаадырхәозар, НДС дырхынҳәуамызт.
Азакәан иара убасгьы 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ашәахтә режим ҷыдақәа ахрарахәара ҟалом ахьиратә усхк аҿи аметалл аахәараани, ахьиратә аалыҵқәа рыҭираани.
Анапынҵатә валиутала аоперациақәа рымҩаԥгара аамҭалатәи аԥҟарақәа алагалоуп Урыстәыла