Анапынҵатә валиутала аоперациақәа рымҩаԥгара аамҭалатәи аԥҟарақәа алагалоуп Урыстәыла

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКурс доллара и евро взлетел
Курс доллара и евро взлетел - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Анапаҵаҩра
Адоллар атәылахь алагалара иадҳәалоу асанкциатә ԥкрақәа рзы урыстәылатәи абанкқәа анапынҵатә валиута аҭираз ауснагӡатә ҷыдақәа аларгалеит.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. 2022 шықәса хәажәкыра 9 инаркны цәыббра 9 рҟынӡа Урыстәыла Абанк анапынҵатә валиута аганахьала аамҭалатәи аоперациатә ԥҟарақәа аланагалоит ҳәа азгәанаҭоит аҳәаақәҵаҩ идырраҭара.

"2022 шықәса хәажәкыра 9 инаркны цәыббра 9 рҟынӡа Урыстәыла Абанк анапынҵатә валиута аганахьала аамҭалатәи аоперациатә ԥҟарақәа аланагалоит атәылауаа рвалиутатә лагалақәеи аԥхьаӡамҭақәеи рҟынтә роураз. Аклиентцәа рԥарақәа зегьы шыҟоу иаанхоит, убри аан аклиент 10 000 ЕАА адоллар алихыр илшоит, иаанхо мааҭла, ианалихуа амш азы иҟоу акурс инақәыршәаны", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ауснагӡатә ҷыдақәа аҳәаанырцәтә валиута аҭира иадҳәалоу асанкциақәа ирхырҟьоуп.
Абанк хада иазгәанаҭеит аԥкрақәа рыҿҳәара нҵәар, иҟоу авалиута зегь агара ма уи уажәеиԥш 10 000 доллар иҟаны аҭыгара аус асанкциақәа ирхьыԥшуп.
"Адоллар ма аевро аиура проблеманы иҟоуп. Аха ҳара альтернатива ҟаларц авариантқәа рыԥшаара ҳаҿуп асанкциақәа ирыдымгылаз атәылақәа рҿы", - аҳәоит аҭышәныртәалаҩ идырраҭара.
Президент РФ В. Путин принял участие в саммите Группы двадцати - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Путин атәылауааи абизнеси адгылара рыҭараз ауснагӡатәқәа инапы рыҵаиҩит
Убри аан иазгәаҭоуп урыстәылатәи абанкқәа рҿы 90% авалиутатә ԥхьаӡамҭақәа рҟны ишьҭоу 10 000 доллар ишеиҳам.
Аамҭалатәи аԥкрақәа раамҭаз авалиутатә ԥхьаӡара иахьырԥшны адоллар аиура ҟалоит. Егьырҭ авалиутақәа роура алшоит аџьармыкьатә курсқәа инарықәыршәаны. Авалиута абанк акассаҿ аиура ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0