Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Росгвардиа аҳәамҭа ҟанаҵеит Запорожиетәи АЕС ахылаԥшра анапаҿы ишыҟоу

Астанциа аштаттә режим ала аус ауеит хәажәкыра 4 рзы украинатәи адиверсиатә гәыԥ иҟанаҵаз апровокациа ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Запорожиетәи АЕС ахылаԥшра алыршоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости, Росгвардиа ахаҭарнак иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Украина амилаҭтә гвардиа алахәылацәа рыҿцәажәара ашьҭахь 240-ҩык, 50-ҩык аҳәса назлоу, рабџьар шьҭарҵеит.

Украинаа уаҳа аибашьра рхы шаладмырхәуазы ашәҟәы рнапы анаҵарыҩ ашьҭахь, АЕС аҵакыра иалганы рыҩныҟақәа иоурышьҭит.
Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, хәажәкыра 4 рзы адиверсиатә гәыԥ абџьар ахархәарала апровокациа мҩаԥнагеит. Аидыслара ҟалеит аҽазыҟаҵаратә центр араион аҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Запорожиатәи АЕСқәа рҟны УАМ апровокациа шыҟанаҵо
"Аидыслараан адиверсиатә гәыԥ анхьаҵуаз адиверсантцәа Ацентр амца адыркит. АҶА алшарала амца дырцәеит. Убри аан аграждантә уааԥсыра ари ахҭыс иалахәымызт", - ҳәа иҳәеит Росгвардиа ахаҭарнак.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аобиект ахадара рнапынҵақәа шынарыгӡо.