Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шьамтәыла имҩаԥысит зықьҩыла ауаа злахәыз Урыстәыла адгыларазы акциа

Шьамтәыла Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара анаҭоит ҳәа уаанӡа иазгәалҭеит Шьамтәыла ахада ицхырааҩ Луна Шибль.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Зықьҩыла ауаа алахәын Шьамтәыла имҩаԥысыз Урыстәыла иадгылоз акциа.
Акциақәа мҩаԥысуан Хомс, Алеппо, Дамаск уҳәа Шьамтәыла егьырҭ ақалақьқәа рҿы.
Хомс, ауниверситет "Аль-Баас" ашҭаҿ мацара 20 000-ҩык еизеит.
Уаанӡа Украина абџьархыхразы Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа адгылара арҭеит Скальбиа ақалақьи уи акәша-мыкәша иҟоу аиланхарҭақәеи рҿы инхо рыруаа.