Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи аҳәаа иахысит ф-нызқьҩык рҟынӡа Донбасстәи ахҵәацәа

Урыстәыла ахада Владимир Путин арратә операциа даналагоз иҳәеит Донбасстәи ареспубликақәа ацхыраара ишаҳәаз, уи инамаданы аҭагылазаашьа аамҭа мгакәа аҭыԥ ишықәҵатәу.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи аҳәаа иахысит ф-нызқьҩык рҟынӡа Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла АШәМ Ростовтәи аобласт аҿтәи аҳәаахьчаратә усбарҭа адыррақәа рыла.
"Уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи аҳәаа иахысит ф-нызқьҩык рҟынӡа Донбасстәи ахҵәацәа", - аҳәоит адырраҭараҿ.
Жәабран 21 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански ареспубликақәа рсуверенитет азхеиҵеит, жәабран 24 рзы Украина аоперациа ҷыда дшалаго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аҭагылазаашьа иахҟьаны аҭынч уааԥсыра рҭыԥқәа ирхыҵны, Донбасс алҵра иалагеит. Есыҽны зықьҩыла ауаа урыстәылатәи аҳәаа иахысуеит.
Ахҵәацәа рыдыркылоит Ростовтәи аобласти егьырҭ арегионқәеи рҿы. Донбасс ауааԥсыра рыдыркылеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи.
Иахьазы аҟәатәи апансионат "Аиҭар" аҿы инхоит 118-ҩык донбассаа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Адгьылқәа рзы акәӡам иззеибашьуа: аурыс-украинатәи аконфликт ахыҵхырҭақәа