Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Адгьылқәа рзы акәӡам иззеибашьуа: аурыс-украинатәи аконфликт ахыҵхырҭақәа

© Sputnik / Владимир ТрефиловГосударственные флаги России и Украины
Государственные флаги России и Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҭоурыхҭҵааҩ Олег Кузнецов иахьатәи аамҭазы иҟоу украинатәи акризис ахи-аҵыхәеи уи ацәырҵшьа шыҟалази атәы еиҭеиҳәеит.
Украинатәи амилаҭтә ҳәынҭқарра аидеологиа формак азыԥшаара аҭаххеит Урыстәылатәи аимпериа аамҭақәа раангьы, уи заҭаххаз польшатәи амилаҭеилыхцәа 1863 шықәса рзы иқәгыланы даҽазныкгьы иаадырԥшыз рполитика интелектуалла иахьаҿагылатәыз азоуп ҳәа иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Олег Кузнецов Sputnik Азербайджан азы.

Белоруссиатәии украинатәии амилаҭеилыхра польшатәи иаҿагыланы рхы ишадырхәоз

Польшатәи амилаҭеилыхра иаҿагыларц азы рхы иадырхәон белоруссиатәии украинатәии амилаҭеилыхра административ-биурократиатә напхгараҭара алшарақәа. Убри азы 1863 шықәса рзы Виленскии Киевскии аинрал-губернаторцәа рҿы иаԥҵан зхала иҟаз Археографиатә комиссиақәа. Урҭ русура алҵшәақәа ҿыц иаԥҵаз аидеологиақәа рзы иинтеллектуалтә шьаҭаны иҟалар акәын.
Вилентәи Археографиатә комиссиа аусура аполитикатә қәҿиара ҳәа акгьы аимоуит, избанзар иахьатәи аамҭазы Беларуси Литвеи ахьыҟоу Урыстәылатәи аимпериа аамсҭацәа ргуберниақәа Литватәи Аҭауадра ду иахылҵшьҭраны Речь Посполитаиа иахәҭакны рхы рыԥхьаӡон, уи ҭаацәаралеи зинлеи польшатәи ашлиахра иадҳәалан.
Киевтәи Археографиатә комиссиа акәзар, уи иаҳа ақәҿаиарақәа аман: иара иалшеит Урыстәылатәи аимпериа алада-мраҭашәаратәи агуберниақәа раамсҭацәеи ринтеллигенциеи польшатәи аҳәынҭқарратә шьақәгылашьеи амилаҭеилыхратә идеологиеи ҽтникала, культурала, динхаҵарала ирҿагылаз урыстәыламаҷтә аказактә (украинатәи) амилаҭ аидеиа рыларҵәара.
Президент РФ В. Путин провел встречу с вице-премьером РФ Т. Голиковой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Путин Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара 80 шықәса ахыҵраз астатиа иҩит
Украинатәи аҭоурыхтә ҭҵаарадырра ашьаҭыркыҩцәа (Владимир Антонович, Дмитри Яворницки, Михаил Грушевски уҳәа егь.) ирҭахымызт уаанӡа ашәышықәсақәа иргәылсны иаауаз аимпериа ишьҭрақәланы украинатәи аҳәынҭқарра шьақәгыларц, егьырҭ европатәи аҭоурыхтә традициақәа аазгоз Польшеи Урыстәылеи реиԥш.
Дара ақәшаҳаҭын украинатәи амилаҭтә традициеи уи ари аҭыԥ аҟны наџьнатә аахыс ишьаҭаркны иҟан ҳәа ирыдыргалаз атеориа, уи излаҳәоз ала, афеодалтә ҭоурыхтә ҩыра аԥҟарақәа ирцәыхаран, иазааигәан амчра змаз аимператортә, аҳратә, акралтә династиа шьақәгылеижьҭеи акырӡа ахьҵуа иабзоураны иамоу астатуси атрибутреи.
Урыстәылеи уи аԥхьа иҟаз Москватәи аҳреи Византиатәи аимпериа иахылҵшьҭроуп ҳәа иҟоу Урыстәылатәи аимпериа аофициалтә ҳәынҭқарратә идеологиа ишазԥхьагәанаҭо еиԥш акәымкәа, украинатәи аҳәынҭқарра ацәырҵра атеориа аԥҵаҩцәа хьаасгьы иркымызт рхатә напхгаҩцәа ирымаз амчра азин иахьынӡақәшәоз, рдинастиақәагьы уаанӡа амч ахьынӡамаз. Дара раԥхьатәи амшқәа инадыркны украинатәи аҳәынҭқарра демократиатә мҩала ишьақәгылеит ҳәа рҳәон, уи аиҿкаара шьаҭас иаман Ахьтәы Орда аханқәа руаӡәк идҵала Нхыҵ Кавказынтәи Днепр абжьарахь XIII ашәышықәса анҵәамҭазы ихыҵны нхара инеиз ауааԥсыра роуп.
Президент РФ В. Путин принял участие в форуме Россия зовет! - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Путин Донбасс имҩаԥысуа геноцидуп ҳәа ахиҳәааит
Дара ауаа ирыладырҵәо аконцепциа инақәыршәаны, урыстәыламаҷтәи аказакцәа ма украинаа раԥхьа польшаа ирҿадыргылон, нас аурысцәа милаҭтә ҟазшьала адагьы, политикалагьы антитеза "адемократиа-монархиа" ҳәа. Раԥхьа Урыстәылатәи аимпериа аофициалтә еиҳабыра ари аконцепциа уамак иаҿагыламызт, избанзар уи иақәшәон польшатәи амилаҭеилыхратә политика аҿагыларазы иқәгылаз адҵа иахьақәшәоз азы.
Аха XX ашәышықәса актәи азбжазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа раан ауаҩԥсы идинхаҵаратә атрибутқәа Европа ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаараҿы аҩбатәи аплан ахь ианиас, актәи аплан ахьгьы амилаҭтә ҭахрақәа анцәырҵ, украинатәи ахатәҷыдаҟазшьареи ахьыԥшымреи ридеиақәа инарҵауланы польшатәи амилаҭеилыхреи урыстәылатәи аимператортәи анаҩс асоветтәи интернационализмреи рыҩбагьы ридеологиа иаҿагыло иалагеит.
Аҵыхәтәаны уи кылсит, раԥхьа иргыланы украинатәи аган азы, аурыси украинатәи хдыррақәа реиҿагыларахь, уи ауп ҳара иахьагьы иаҳбо. Уажәтәи аамҭазы амилаҭтә зҵаара аполитикатә ахь аиасра иаҿуп.

Степан Бандера аҭауад Дмитри Вишневецки иҭыԥан Украина жәлар рфырхацәа рпантеон ахадараҿы дшыҟалаз

Ари аҩыза атенденциа зеиԥшраҵәҟьоу убоит украинатәи аполитикатәи академиатәи шьақәгылара шазыҟоу ртәыла аҭоурыхтә хаҿы аҭауад Дмитри Вишневецки (?-1563) изыҟазаашьа ахьырыԥсахыз уахәаԥшуазар.
1991 шықәса рзы Украина милаҭтә ҳәынҭқарраны ианыҟала ашьҭахь, ари аҭоурыхтә хаҿы украинатәи аҭоурыхтә ҭҵаарадырра ашьаҭыркыҩцәа Антонович, Иаворницки, Грушевски ишышьақәдырӷәӷәоз еиԥш, Украина жәлар рфырхаҵа, аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы ҳәа ихьӡ цәырыргеит, уи иақәнагоз атрибутқәа зегьы адыргалеит - абаҟақәа, агәаларшәагатә дыргақәа, амҩақәа, ашҭақәа, Украина арра-мшынтә мчқәа иртәыз аӷбақәа уҳәа ихьӡ рхырҵеит.
Ари аҭауад ихыԥша иаанарԥшуан Украина аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика апринцип хадақәа - аофициалтә Киев аиашахаҵара-славиантә акзаара аидеалқәа рықәныҟәара, дареи Урыстәылеи, Беларуси, Молдовеи, Польшеи агәылеимабзиаратә, аиҩызаратә еизыҟазаашьа рыбжьазаара, Ҭырқәтәылеи дареи анеитралтә еизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьазаара, атәыла аҩнуҵҟа иҟоу егьырҭ амилаҭқәеи адинқәеи рхаҭарнакцәа зегьы рыбжьара аилибакаара аҟазаара, абарҭқәа зегьы Кремль ззыразыз ракәын.
Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2020
Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа
Абас аҭагылазаашьа ыҟан ҩажәа шықәса - 1990 - 2000 шш. раан, аха анаҩс Вишневецки иҭыԥан Украина жәлар рфырхацәа рпантеон ахаҿы даадыргылеит Степан Бандера (1909-1959). Украинаа рхатәцәырҵра, рхатәидентификациа аидеиа иаиуит агрессиа-екстремисттә цәаҩа, уи зҿагылаз аурысреи аурысра иадгылоу зегьи.

Урыстәыла адгылаҩцәеи аҿагылаҩцәеи ҳәа иахьатәи адунеи аҽанеиҟәнашаз

Ҳазҭоу ашәышықәса актәи ажәашықәса ашьҭахь украинатәи ауаажәларраҿы иҟалаз ахьыӡқәеи урҭ ирышьашәалоу аидеологиатә доминантақәеи ишьақәгылаз аилибамкаара мзызс иаиуит, анаҩс украинатәи аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика Кремль иаҟәыҭхахеит, убас, 2014 шықәсеи 2022 шықәсеи рзы иҟалаз аиҿагыларақәа рахь икылсит.
Урыстәыла игәарҭомызт аҳәынҭқарратә идеологиа аҽшаԥсахуаз ҳәа узҳәом. Ибзианы ирбон иагьеилыркаауан ари аҩыза аҭагылазаашьа кылсыр ахьалшоз, убри азы жәларбжьаратәи адипломатиа алшарақәа зегьы ахы ианархәон уеизгьы 2014 шықәса рзы излагаз аурыс-украинатәи еизыҟазаашьақәа иаартны аиҿагыларахь икылымсразы.
2012 шықәса рзы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа Хада Урыстәыла аԥшьгарала ианакылеит адекларациа "Анацизм афырхаҵатәра: арасизм, расала ауаа реилыхра, динла ауаа реилыхра, абарҭ ацәырҵрақәа рымшала аицәымыӷрақәа иахьатәи рформақәа реизырҳара алмыршара" захьӡыз.
Президент РФ В. Путин провел совещание по подготовке к посланию президента РФ Федеральному собранию - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Путин "ицәаҳәа ҟаԥшь": аекспертцәа Урыстәыла ахада "украинатәи" иинтервиу иахцәажәоит
2014 шықәса рзы ари адокумент еиҳа ҿыӷәӷәала ицәажәо ахьӡ аиуит: "Арасизм, расала ауаа реилыхра, динла ауаа реилыхра, абарҭ ацәырҵрақәа рымшала аицәымыӷрақәа иахьатәи рформақәа реизырҳара алмыршаразы анацизм афырхаҵатәреи, анеонацизм, егьырҭ апрактикақәа рҿагылара". Ари адекларациа хықәкыс иаман Украина анеонацизм ахь зынӡаск ахы амырхарц, уи аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны ишаҿу бзианы иаабоит.
Оумашәа иумбарц иаҵанакуагьы еилуумкарц залшом арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ари адекларациа иаҿагыланы рыбжьы шарҭоз ҩ-тәыла заҵәык - Еиду Америкатәи аштатқәеи Украинеи, избанзар урҭ ибзианы еиыркаауан дара Украина имҩаԥырго аполитика ишаҿагылаз ари адокумент.
Ари арезолиуциазы абжьыҭираан жәашықәса ирылагӡаны зҽаанызкылоз атәылақәа иреиуоу НАТО атәылақәеи Евроеидгыла атәылақәеи зегьы, иара убас Британиатәи аидгыла аҳәынҭқарра лахәылацәа реиҳараки Иапониеи, арҭ зегьы иахьа активла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа аларгалоит, уи имҩаԥнаго ашьаҿақәа ирықәыӡбоит.
Абас ала, иахьатәи аамҭазы Украина аполитикатә режим аҿы Урыстәыла иадҳәалоу адгылаҩцәеи аҿагылаҩцәеи ҳәа рҽеиҩыршо 2022 шықәса рзы акәӡам ианалагаз, акрааҵуеит уажәшьҭа. Урыстәыла-украинатәи аконфликт аизырҳара, амцаҵаҵара иаҿын аҵыхәтәантәи ажәашықәсазы, ари аамҭа иалагӡаны иубарҭан уажәы-уаәы аиҿагыларахь ишкылсуаз, атәылақәа жәпакгьы ирҭахызгьы уи акәын.
Президент РФ В. Путин принял участие в пленарном заседании ПЭМФ-2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2021
Путин: Урыстәыла азыхиоуп Украинеи иареи рекономикатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара
Убри аҟнытәи иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуа, иузҳәаӡом уи шьаҭас иамоуп адгьыл азы аимакқәа ҳәа, илегендатәуу имифтәуу узымдыруа "Киевтәи Русь" ҳәа зыӡбахә рымоу ишадҳәалам. Ари ахьӡ ахаҭа цәырҵит урыстәылатәи анаҩс украинатәи аисториографиа абзоурала XIX ашәышықәсазы, иара уигьы хықәкыс иаман XIII ашәышықәса азбжанӡа иҟаз Украина аҭоурых, Чингисхан иқәылара, Ахьтәы Орда ацәырҵра уҳәа ирнышәарц азы.

Аурыс дунеихәаԥшышьа змаз Мрагылареи аукраин дунеихәаԥшышьа змаз Мраҭашәареи ҳәа Украина аҽанеиҟәнашаз

Украина аҿиарамҩа уахәаԥшуазар - аҭоурых-культуратә еилазаашьала еиуеиԥшымкәа еиларсуп, милаҭла, динхаҵарала еиуеиԥшым ажәлар зқәынхо ҳәынҭқарроуп, урҭ зегьы хырҩа рыҭаны, ирызхәымцкәа акы мацара ианаало аидеиа рзаларҵәаӡом.
Убри азоуп XVI-XVIII ашәышықәсақәа раан казактәи ауаажәларратә идеиа Украина аҳра замоуз, избанзар ара ацивилизациақәеи акультурақәеи жәпакы иреихысырҭан, абзазашьеи, аҵаси, ақьабзи еиуеиԥшмызт, Украина иқәынхоз ауаажәлар ԥҟара мацарак ала анхара рҭахымызт, ари аҩыза атенденциа XX ашәышықәсанӡа аҭыԥ аман.
Абри азоуп иахьатәи Украина изыҟоу аҭоурыхтә баақәеи ахырӷәӷәарҭақәеи рацәаны, урҭ рҿы зхатәы дунеихәаԥшышьа змаз ауааԥсыра рхы рыхьчон. Абри аҩыза аҭагылазаашьаан атәыла аидкылара зылшоз анҭыҵтәи амчқәа ракәын, раԥхьа уи Польша акәын, нас - Урыстәыла.
Президент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию физической культуры и спорта - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Путин Украина ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьақәа еиндыршәарц
Ари атәыла иахьатәи амилаҭтә еилазаашьа ҵакырала аҽеиҟәнашеит Аҩбатәи Адунеитә еибашьра ашьҭахь, усҟан ааглыхратә, аенергетикатә, атранспорттә, егьырҭ аԥсҭазааразы ихымԥадатәииз аекономикатә инфраструктура аобиектқәа реиҭашьақәыргыларазы уаанӡатәи СССР аҵкарқәа зегьы рҟынтәи аауа ыиасуа иалагеит аусура аԥшааразы, аҿыц ԥсҭазаара аԥҵаразы.
Убасҟан ауп Украина урысшәыла ицәажәоз, аурыс дунеихәаԥшышьа змаз Мрагылареи украинбызшәала ицәажәоз, украинатәи адунеихәаԥшышьа змаз Мраҭашәареи ҳәа ҿааҳәырада аҽанеиҟәнашаз. Урҭ ирыбжьахеит Урыстәыла. Абри ауп украинатә аокнфликт ҵаҵӷәыс иамо, ара адгьыл азы аӡәгьы деибашьӡом, ауааԥсыра рхы-рыԥсы азоуп изеибашьуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0