Аԥсны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ААР рхадацәа Қырҭтәылаҟа ааԥхьара ҟарҵеит ҳтәылақәа азхарҵарц

Хәажәкыра 10 азы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Дмитри Медоеви реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Дмитри Медоеви еицрыдыркылаз акоммиунике аҿы Қырҭтәылаҟа ааԥхьара ҟарҵеит ҳреспубликақәа рхьыԥшымра азхарҵарц.
"Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҳәамҭа ҟарҵеит гәҭакыс ишрымоу Қырҭтәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩра алыршара", - аҳәоит адокумент аҿы.
Аԥсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Аҟәа еиԥылеит
Арӡынбеи Медоеви алацәажәеит аԥсуа-ауаԥс усеицура аспект хадақәа иара убасгьы ҩ-ганктәи ԥхьаҟатәи аиныррақәа рыҿиара.
Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит адунеижәларбжьаратә зхаҵаразы ирылшо зегь шыҟарҵало.
Уи адагьы, аиԥылараҿы иазгәаҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла Донбасс аҭынч уааԥсыра рыхьчара иазырханы имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара шарҭо.