Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Аҟәа еиԥылеит

© Foto / Министерство иностранных дел РАИнал Ардзинба провел встречу с Дмитрием Медоевым
Инал Ардзинба провел встречу с Дмитрием Медоевым - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Анапаҵаҩра
Усутә ныҟәарыла Аԥсны иааны иҟоуп Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Дмитри Медоеви Аҟәа еиԥылеит хәажәкыра 10 азы.
Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-ауаԥс усеицура аспект хадақәа иара убасгьы ҩ-ганктәи ԥхьаҟатәи аиныррақәа рыҿиара.
Иазгәаҭан, аиԥылараҿы тема хаданы ишыҟаз Украина иҟоу аҭагылазаашьа аҿиара азҵаара алацәажәара.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла Донбасс аҭынч уааԥсыра рыхьчара иазырханы имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара арҭоит.
Аиҿцәажәара алкаақәа рыла аганқәа Акоммиунике еицрыдыркылеит, иазгәарҭеит ишхымԥадатәиу ԥхьаҟагьы аминистррақәа рыбжьара еиуеиԥшым атематикала аиԥыларақәа рымҩаԥгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0