Путин анапынҵа ҟаиҵеит аҿҳәаратә аррамаҵзура Украина ишнанагаз еилыркаарц

Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы ахашаҽны иазгәарҭеит урыстәылатәи ар реилазаараҿы ишалашәаз ҿҳәарала аррамаҵзура иахысуаз.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит Арратә прокуратура хадахьы аматериалқәа нашьҭызарц ҿҳәарала аррамаҵзура иахысуаз Украина аоперациа ҷыда ралахәхара шыҟалаз аилкааразы, ахара зду рхара ахәшьара аҭазарц, урҭ рыхәҭаагьы иақәыршәазарц ҳәа аҩуеит РИА Новости, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иганы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Донбасс ажәлараз Украина аплан аурыс ир ирымԥыхьашәеит
Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков ахашаҽны иазгәеиҭеит урыстәылатәи ар реилазаараҿы ишалашәаз ҿҳәарала аррамаҵзура иахысуаз.
Дара зегьы уажәы Украина аҵакыра иалгоуп.
Песков иазгәеиҭеит ахада ҿҳәарала арра иахысуа аоперациа ралархәра ҟалашьа амамзароуп ҳәа адҵа шыҟаиҵаз.
"Арратә операциа ҷыда иалагаанӡа Урыстәыла ахада, ар рыдҵаҟаҵаҩ хада Владимир Путин ҿҳәарала арра иахысуа аоперациа ралархәра ҟалашьа амамзароуп ҳәа адҵа ҟаиҵахьан. Путин иҟынӡа инаргеит ари адҵа анагӡашьа шыҟоу", - ҳәа Песков ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит.
Украина аганахьала Урыстәыла арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Урыстәыла ахада Владимир Путин Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы телехәаԥшрала алаҳәара аныҟаиҵоз иҳәеит "аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәылахь ацхыраара иаҳәеит", - ҳәа.
Урыстәыла ахада иҳәеит иҟалар зылшо ашьакаҭәара иахьатәи украинатәи арежим иадҵахоит ҳәа.