Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Донбасс ажәлараз Украина аплан аурыс ир ирымԥыхьашәеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОсвобожденные села Донбасса
Освобожденные села Донбасса - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Анапаҵаҩра
Амаӡара иаҵанакуаз адокументқәа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ирымԥыхьашәеит арратә операциа ҷыдаан.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Донбасс ажәлараз Украина амилаҭтә гвардиа аплан аурыс ир ирымԥыхьашәеит ҳәа аҩуеит РИА Новости, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Арратә операциа ҷыда амҩаԥгараан Донбасс ажәлараз Украина амилаҭтә гвардиа аплан маӡа аурыс ир ирымԥыхьашәеит. Арҭ адокументқәа ишьақәдырӷәӷәоит киевтәи арежим 2022 шықәса хәажәкырамзазы Донбасс ажәлара рыпланқәа ишрылаз", - ҳәа иҳәоит аинрал.
Конашенков иҳәеит жәабранмзазы мраҭашәаратәи АИХқәа ирыладырҵәон киевтәи арежим Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рықәлара ргәы иҭам, "аполитика-дипломатиатә мҩала" азҵаарақәа рыӡбоит ҳәа.
Аинрал иҳәеит рнапаҿы ишрымоу Украина амилаҭтә гвардиа акомандаҟаҵаҩ хада аинрал-полковник Николаи Балан ажьырныҳәа 22 2022 шықәса рзы инапы зҵаиҩыз адҵа, уа инарҭбааны ишарбоу ажәылара аҽазыҟаҵара аплан.
Ажәабжьқәа зегьы
0