Аԥсны

Урыстәыла иалырго 200 хкы атауар ЕАХ-и, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь анашьҭразы азин ыҟоуп

Урыстәыла еиуеиԥшым атауарқәа ралгара азин аанкылоуп 2022 шықәса анҵәамҭанӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Урыстәыла анапхгара уажәаԥхьа аҳәаанырцәынтәи атәылаҟа иаларгалаз атауарқәеи амаругақәеи рсиа еиқәнаршәеит, дара аамҭала аҳәаа рахыгара азин аанкылоуп, Евразиатәи аекономикатә хеилак иалаху атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь ада, абри атәы аанацҳауеит аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
ЕАХ иалахәу атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь атауар аҳәаа ахыгаразы азин ыҟоуп, уи азы хазы ақәҵара еиқәыршәахоит.
Путин атәылауааи абизнеси адгылара рыҭараз ауснагӡатәқәа инапы рыҵаиҩит
"Асиа иануп атехнологиатәи, ателекоммуникациатәи, амедицинатә маругақәеи, атранспорттә хархәагақәеи, ақыҭанхамҩатә техникеи, аелектрикатә аппаратуреи - зынӡа 200 хкы атауар, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аихамҩатә вагонқәеи алокомотивқәеи, аконтеинерқәа, аметалли ахаҳәи аус рыдуларазы амаругақәа, амониторқәа, апроекторқәа, апультқәа. Ари аӡбамҭа хымԥадатәиуп урыстәылатәи аџьармыкьа аҭышәынтәаларазы", - ҳәа азгәаҭоуп апресс-маҵзура аацҳамҭаҿы.
ЕАХ иалахәу атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь атауар аҳәаа ахыгаразы азин рырҭалоит Ақыҭанхамҩа аминистрреи, Атранспорт азы аминистреи, Ааглыхра-атауарқәа рзы аминистрреи, Аԥсабарахьчаразы аминистрреи.
Урыстәыла ахада Владимир Путин хәажәкыра 8 рзтәи Иусԥҟа инақәыршәаны, Анапхгара ишьақәдыргылараны иҟаз асиа ианызаауа аалыхқәеи, уи азы аӡа-маӡеи 2022 шықәса нҵәаанза Урыстәыла алгара азин ыҟам.