Путин атәылауааи абизнеси адгылара рыҭараз ауснагӡатәқәа инапы рыҵаиҩит

© Sputnik / Евгений Паулин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в саммите "Группы двадцати"
Президент РФ В. Путин принял участие в саммите Группы двадцати - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Анапаҵаҩра
Азакәан инақәыршәаны аиҳабыра азин роуеит атәанчахәқәа рахь асоциалтә цҵарақәа иҟоу аҩаӡара иахырҳәҳәаны рыҟаҵара, аџьахә иреиҵаӡоу ахышәаҵышәа ашьақәыргылара, анхараз иреиҵаӡоу алшарақәа рхышәаҵышәа ашьақәыргылара.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин атәылауааи абизнеси адгылара рызҭаша асоциал-економикатә уснагӡатәқәа ркомплекс ахархәашьа азҭо азакәан инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит азинтә информациа аофициалтә портал.
Урыстәыла аиҳабыра аус здырулаз азакәан иалнаршоит 2022 шықәсазы абжьаратә бизнеси абизнес маҷи ргәаҭарақәа рымҩаԥгара азинҟамҵара, иара убасгьы 2024 шықәса анҵәамҭанӡа аинформациатә технологиақәа русхк аҟны акредитациа змоу аиҿкаарақәа ргәаҭара азинҟамҵара. Ҟрым зых иақәиҭу аекономикатә зона алахәыла астатус аиуразы аиҿкаара адгьылбжьахаҟны афилиал ма ахаҭарнакра амазароуп.
Азакәан иазԥхьагәанаҭоит аиҳабыра рымчхара арҭбаара. Убас, сынтәа иара иалшоит алицензиа ацҵарада аусура ацҵара азинҟаҵара, аиқәшәаратә хәшьараҟаҵара апроцедура ада, аҳәынҭбаџь ашәарада алицензиақәа роуреи рыҿҳәара ацҵареи . Уи адагьы аиҳабыра ирылшоит иҿҳәарадатәу алицензиақәа рыла аиқәшәаратә хәшьараҟаҵара апроцедура ахмыжьра, аҟазаратә ԥышәара амырҭира, аҟазаратә аттестатқәа рыҿҳәара ацҵара.
Афедералтә еиҳабыра, Урыстәыла асубиектқәа ма амуниципалитетқәа азин рыҭахоит аилаӡара аҭагылазаашьақәа (амаҭәар, ахә, аҿҳәара, ахәшәаратә ԥҟара у.у.е.)рыԥсахырц аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии ҭахрақәа рзы атауарқәа раахәараан. Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәсазы ишьақәнарӷәӷәар алшоит аашьҭҩык иҟны аахәаратә лшара-цҵақәа, инагӡамыз аилаӡарақәа рзы ахараԥса-цҵақәа.
Азакәан амедицинатә еиҿкаарақәа азин рнаҭоит ирҭаху аалыҵқәа ахәқәзаарақәа релектронтә зыҳәақәа рыла раахәара, ашьаҭаркыҩцәа рыӡыбрала ахәшәқәа, аныхратә материалқәа, амедицинатә хархәагақәа еиҳа ирмариоу аԥҟаррақәа рыла раахәара. Асоциалтә ԥгаԥса Афонд (ФСС) иалшалоит иаӡәку аашьҭҩы иҟны атехникатә хархәагақәеи амаҵзурақәеи раахәара.
Президент РФ В. Путин принял участие в расширенном заседании коллегии МЧС РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ирыдҟарҵалаз асанкциақәа рымшала Путин аекономикатә шьаҿа ҷыдақәа рзы аусԥҟа инапы аҵаиҩит
Уи адагьы иаӡәку аашьҭҩы иҟны аҳақьымтә комиссиа аӡбарала пациентк изку иреиҳаӡоу ахәшәаахәаратә хәыԥса миллионк аҟынтәи 1,5 миллион ахь ихагалоуп. Ахәшәқәеи амедицинатә аалыҵқәеи урыстәылатәи аналог рымамзар, иаӡәку аашьҭҩы имыхәҳазар ҟалоит ха уи аашьҭҩы асанкциақәа ҟазҵаз атәылақәа рҟынтәымзар.
Азакәан азин ҟанаҵоит 2022 шықәсазы ақалақьргыларатә усура аҷыдарақәа афедералтә закәанқәа ишьақәдыргылаларц, ажьырныҳәа 1 аҟынӡа аҿҳәара иацнаҵоит ахалаҳәаақәҵаратә еиҿкаарақәа рлахәылацәа аиҿкаара акомпенсациатә фонд аҟынтә аԥараԥсахра роуларц. Азакәан инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара сынтәа иалшоит ишьақәнарӷәӷәаларц ахәҭатә ргыларақәа рҿы азинеизыҟазаашьатә ҷыдара хазқәа, аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии маҵзурақәа роура апроцедура армариара.
Ажәабжьқәа зегьы
0