Аԥсны

Анқәаб Медоев зхадараҿы дыҟоу аделегациа идикылеит

Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа иааит ареспубликаҿы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рылахәразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Дмитри Медоев зхадараҿы дыҟоу Аахыҵ Уаԥстылатәи аделегациа идикылеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аиԥылараҿы иазгәаҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла Донецки Лугански руааԥсыра рыхьчаразы Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ишадгыло.
Анқәаб иазгәеиҭеит Аԥсны ауаажәларра рыгәҭа ари азҵаараз зегь гәаанагарак шеицрымоу, уи ус шакәу шарбахо хәажәкыра 11 азы Аҟәа иазԥхьагәаҭоу амитинг аҿы.
Аԥсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Аҟәа еиԥылеит
Аганқәа Донецки Лугански ареспубликақәа рыжәларқәа рыдгылараз иҟарҵашаз ргәаанагарақәа еимырдеит, иара убас иазааҭгылеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу ахҵәацәа агуманитартә цхыраара рыҭара.
Аиҳабыра рхада аделегациа алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит хәажәкыра 12 азы имҩаԥысуа Апарламент ахь алхрақәа рхылаԥшарзы иахьааз.