Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин аоперациа ҷыда хатәгәаԥхарала алахәхара зҭаху радыԥхьалара дақәшаҳаҭхеит

Хымчыбжь ирықәуп Украина абџьархыхра иазырхоу аоперациа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи. Абри аамҭала урыстәылатәи ар 17 километра инеихьеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда хатәгәаԥхарала алахәхара зҭаху радыԥхьалара дақәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Абри атәы далацәажәеит иара Ашәарҭадаратә хеилак аилацәажәараан.

"Донбасс инхо ауаа рыцхраара зҭаху, ԥарала акәымкәа гәыла-ԥсыла, ирҳәо ҳацныҟәап, аибашьра ахьцо инеиртә аҭагылазаашьа раҳҭап", - ҳәа иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада иҳәеит мраҭашәаратәи атәылақәа ишырымӡо аимак ахалархәразы ауаа шрымоу, жәларбжьаратәи азин еилаганы иаартны ишырҳәо.
Путин Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәалагала - Донбассҟа атрафеитә техника анашьҭра дадгылеит.
Украина ААР адыррақәа рыла 20 000-ҩык рҟынӡа Киев иадгыланы аибашьра зҭаху ыҟоуп.