Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа шьақәгылеит 35 алхратә ҭыԥ хадақәа зегьы рҿы

Алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рылаҳәаразы абрифинг мҩаԥгахоит хәажәкыра 13 асааҭ 12:00 рзы АКХ апресс-центр аҿы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа шьақәгылеит иаартыз 35 алхратә ҭыԥ хадақәа ирыҵаркуаз алхырҭатә ҭыԥқәа 152 зегьы рҟны, абри атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан абрифинг аан.
Уажәтәи аамҭазы абиуллетенқәа рыԥхьаӡара иаҿуп, алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рылаҳәахоит хәажәкыра 13 асааҭ 12:00 рзы иҳәеит Маршьан.

"Аԥсны атәылауааи асасцәеи иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Жәларбжьаратәи анаԥшцәа обиективла ахәшьара арҭап ҳәа сақәгәыӷуеит", - иҳәеит иара.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, Апарламент ахь алхрақәа рҿы асааҭ 18:00 рзы ауаа рааишьа 40,2% артәахьан.
Хәажәкыра 12 рыҽны алхырҭатә ҭыԥқәа зегь неибынеиԥшны аамҭаказы иаартын асааҭ 8:00 рзы, иаркын 20:00 сааҭ рзы.
35 ҭыԥ рзы иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык ҳәсоуп.
Даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.
Алхратә округ аҿы ҩыџьеи ма инареиҳани ркандидатурақәа ықәгылазар, урҭ рҟынтәи аӡәгьы далхымзар аҭыԥтә алхратә комиссиа аӡбара аднакылоит аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы еиҳа абжьы зауз акандидатцәаҩыџьа еиҭақәыргыланы. Аиҭабжьыҭара мҩаԥысуеит ҩымчыбжь ирхымгакәа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55