Ашәҟәыҩҩы иикьыԥхьхьоу хыԥхьаӡара рацәала ажәабжьқәа, акымкәа-ҩбамкәа аповестқәа, ароманқәа аԥхьаҩцәа ирылаҵәахьеит, еицырдыруа иҟалахьеит. Џьума Аҳәба ирҿиамҭа лыԥшаахқәа еиҭаганы аурысшәеи аҳәаанырцәтәи акыр бызшәақәеи рыла иҭрыжьхьеит, аԥсуаа ҳҟны мацара акәым, аурыс ԥхьаҩ иҟынтәигьы ахәшьара ҳаракы роухьеит. Идеиатә ҵакылагьы, сахьаркыратә ҟазаралагьы иажәабжьқәа иаарылукаартә иҟоуп: "Ҭуӷан", "Ақәыџьма ҟьала", "Ахьча иҳаҭхәыжә", "Аԥшәма ишьҭашуан ала", "Акәаш мца". Аԥхьаҩцәа акыр ирылаҵәахьеит аповестқәа: "Аибашьра еилгахьан", "Бзоу", ироманқәа: "Асқьала", "Амҩасҩы", "Ахамышҭыхә", идрамақәа: "Ашьхақәа рылԥха", "Ес-ииуа ирыциуа". Аинтерес ду рыманы, акыр ихәарҭаны иҩуп 1992–1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку апублицистикатә статиақәеи имшынҵақәеи. Џьума Аҳәба иҩымҭақәа ҳанрыԥхьо, ҳанрыхцәажәо, ирҿиаратә ҷыдарақәа ҳанрызхәыцуа, иазгәаҭатәуп иахьатәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы дызлареиԥшым, иара изы иҟазшьарбагоу ҭагылазаашьак: асахьаркыратә рҿиамҭақәа ихатәы бызшәа – аԥсуа бызшәала иҩуеит, ипублицистикатәқәа ракәзар, аԥсышәалеиԥш, урысшәалагьы иҩуеит.
Сергеи Зыхәба
Ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ипроза ҳаԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу арҿиамҭақәа рахь иԥхьаӡоуп. Урҭ аамҭа цацыԥхьаӡа агәра ҳдыргоит ишымажәуа, ес ииуа ишрыциуа.Уи икалам иҵыҵит ирацәаӡаны ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа, апублицистикатә рҿиамҭақәа. Иахьа сара сазааҭгылар сҭахуп аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аан уи илиршаз, дымшәа-дмырҳа Мрагыларатәи афронт аҿы ҳаибашьцәа аҭабиақәа иахьырҭатәаз дышнеиуаз, ргәы ширхаҵоз, уимоу, аӷа инапы хәымгақәа дышрымԥыҵашәаз, кыраамҭагьы дытҟәаны дышрымаз, дышдыргәаҟуаз, аха иара игәы шеиҭамԥаз, урҭ рыхәымгарақәа зегьы иара ирҿиара ианирԥшит ашьҭахь. Иахьа ашәҟәыҩҩы ииубилеи аламҭалазы, ҳаԥхьаҩцәа рацәак ирзымдыруа афактқәа иара автор инапала ишиҩыз иаагоит:
"Сара, хаҭала, аԥхьа Мраҭашәаратәи афронт, нас Мрагыларатәи афронт аҟны ҳаибашьцәа сырҭаауан, аҭабиа иахьҭатәаз снеиуан, исылшоз ала ргәы шьҭысхуан. 1992 ш. декабр 6 рзы Лабра срытҟәеит. Ишыҟалазгьы абасоуп: Реваз Тапаӷәуа игәыԥ ахьтәаз снеит. Убри аамҭаз аиҿахысрақәа ҟалеит. Ҳара ҳтәқәа ҩыџьа ҭахеит, ахԥатәи дахьагаз рымбеит. Ревази Алик Шьанааи рхәит. Реваз инапи ишьапи хәын. Иршьызгьы, ирхәызгьы, саргьы ҳрытҟәеит. Сара автомат ашьхәала схы иасын, сыхдырра сцәыӡит. Очамчыра ҳнаргеит. Реваз дшьабон, ацхыраара иҭахын. Ақырҭқәа ирабжьызгеит, Реваз деиқәдырхар, 4-5-ҩык ақырҭқәа рыла дрыԥсахыр шауаз. Иазхәыцзар акәхап. Аухаҵәҟьа Реваз дыргеит, дагьырыԥсахит. Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа дрышьҭит ихәшәтәразы. Хара имгакәа уантә Москваҟа дыргеит. Дахьнаргаз иԥылаз ирылан хдепутатцәа И. Воронови З. Ачбеи. "Сара сеиқәхеит, аха Џьума дыршьуеит" ҳәа реиҳәазаап. Декабр 7 рзы ӷәӷәала срыпҟеит. В. Арӡынба иоуп аибашьра зыхҟьаз ҳәа сдырҳәарц, сажәақәа ажурналист иҭалҩыр лҭахын. Аха сақәшаҳаҭымхеит. Исыцҭакыз Алик Лашәриа иакәзаргь, дыхҭаркит, аха издмырҳәеит. Ргәаԥсахы еибакны итәарҭа аҳәызба аларҵеит. Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалаз гәыԥҩык рнапы аҵаҩны Е. Шеварднаӡе ихьӡала ашәҟәы рҩызаарын. И. Воронови З. Ачбеи сзықәшәаз рарҳәазаарын. Аибашьра ианалага агазеҭ "Литературная Россия" аштат иалам акорреспондентс сыҟан аҟнытә, уигьы ацхраазар акәхап. Очамчырантә ҩынтә Кәачара снаргахьан срыԥсахырц, аха аус Е. Шеварднаӡе иааникылон. Декабр 31 рзы, ашьжьымҭан Џь. Иоселиани иҟны снаргеит. Урысшәала "уходи" ҳәа сеиҳәеит. Аӡәгьы сиҭнымԥсахлакәа схы сақәиҭыртәит. Урҭ ахҭысқәа сара сзы ахаангьы хашҭра рықәым."
Аибашьра анеилга, ҳиааира 20 шықәса анахыҵ, ашәҟәыҩҩы дызхаанхаз ахақәиҭра ду деигәырӷьаны ажәлар дрыдныҳәалеит, иҳәеит аԥхьаҟа иҳагу иҳабзоу зегьы ҳаиааины, ҳаԥсадгьыл шышьақәҳаргылаша, ҳшеидгылаша, аӡәыкны ҳшыҟалаша…
"Аибашьраан ҳажәлар реидгылара иабзоуроуп Аиааира. Зегь ҳаидызкылоз Асовет Еидгыла хыбгалеит, нас Аԥсны аибашьра ҳхаагеит, ацәыӡ дуқәа ҳнаҭеит. Ишыжәдыруа, ашьҭахь Аԥсны амацәаз иҭакын. Аибашьра ашьҭахь ҳтәылеи ҳажәлари зҭагылаз ауадаҩрақәа ӷәӷәала иаҳныԥшит. Абри зегьы 20 шықәса рыла. Ари даара ԥышәара дуун. Иахьагьы аԥышәара дуқәа ҳхаагоит. Иааӡарым, ҳаҩнуҵҟа аҟәыӷацәа маҷхеит, маллагьы, доуҳалагьы ҳӷархеит. Аӡәырҩы хи-ԥси ҳәа мацара имхәыцыр амуа аҭагылазаашьа роуит. Аиааира 20 шықәса анахыҵуа аамҭазы, уи ашьҭахьгьы ҳажәлар ԥсыхәа ахьынӡамоу еидгылароуп, аҟәыӷақәа рыла ашьҭибахра ҟалароуп. Ауаҩы ихы даиааироуп. Ҳаизхәыцны, хшыҩла амҩа иаша ҳаныланы ԥхьаҟа ҳцалароуп. Уажәазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҿыцныҟәа иҩызоуп. Аҿыцныҟәа амаакыра иҭахуп. Амаакыра азакәан ӷәӷәа. Уи иааннакылароуп аԥсымҭәқәа, иахьчалароуп ахатә мал, ауаҩы иԥсҭазаара. Ҳаҭыр рықәзароуп ауаа ԥсыцқьақәа. Ҳаԥсуара ҳаиднакылароуп. Адемократиа ахырхарҭақәа маҷымкәа иамоуп. Ҳара ҳаҿиара амҩан иҳахәо еилҳаргароуп. Атәылақәа досу рхатә ҷыдарақәа рымоуп. Аԥсны акәзар, азакәан шьаҭа змоу адемократиа амч аиуроуп. Агәҭахәыцрақәа рацәоуп. Аха иахьазы ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рзы ныҳәа дуны иҟоу Аиааира 20 ш. ахыҵра зегьы ирыдсныҳәалоит. Аҭынчра наӡа аԥеиԥшзааит Аԥсны! Аҿиара, ԥхьаҟа ацара амҩа еиԥхьбара ақәымзааит!"
Џьума Аҳәба ижәлар рыгәҭыха иҳәеит ипроза аҿеиԥш, ипублицистика аҿгьы. Убри азоуп, адунеи еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа дуқәа - Р. Казакова, Е. Евтушенко, С. Баруздин, Г. Каволевич, В. Иадов уҳәа ирацәаҩӡаны иара Қырҭтәыла дырбаандаҩны данрымаз иааҟәымҵӡакәа ааԥхьарақәа зыҟарҵоз.
Џьума аибашьраан, аибашьҩы бзиа бџьарла дшеибашьуа еиԥш, иаргьы каламла деибашьит, иавторитет, ихьӡ-иԥша ихы иархәаны, адунеи иаирдырит ақырҭуа фашистцәа еилых ҟамҵакәа, ақырҭцәеи агырцәеи рыда, Аԥсны иқәынхоз егьырҭ амилаҭқәа зегьы ирзаарцоз, ахамышҭыхә ишҭадыргылоз. "Ахамышҭыхә" ахьӡуп иара аибашьра иазку иромангьы, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа ианыԥшуеит, ашьеиԥш иалыхәхәа ицоит ажәлар ргәаҟра, рыуазырра…
Ашәҟәыҩҩы иуалԥшьақәа зегь раԥхьа игылоуп ижәлар ргәаҟреи, рхьааи, ргәырӷьареи асаркьеиԥш иҩымҭақәа рнырԥшра, ахааназ абиԥарақәа ирзынхартә ааныжьра. Ҳара ара ашәҟәыҩҩы адунеи дахзырҵәаз ипрозатә ҩымҭа дуқәа ҳрыламцәажәеит, урҭ уаанӡа ҳрыхцәажәахьан азы, ҳаззааҭгылаз, иааркьаҿӡан, аибашьраан, уи ижәлар рыгәҭа дышгылаз, зынӡа амцаҵәҟьа ахьакыз дышнеиуаз, уи иалигоз ахьаа ду иҩымҭақәа ишрылаиҵоз, дара ирыԥсҭазааран ишыҟаиҵоз ауп…
Убри азоуп, Џьума иҷкәынцәа аҩыџьагьы раб игәымшәареи иҟазшьа џьбареи зышьҭырхыз, реиҳаӡа ҳаԥсадгьыл амца ахьакыз, реиҳаӡа иахьшәарҭаз Мрагыларатәи афронт аҿы изеибашьуаз, хаҵарылагьы рыԥсадгьыл хьчаны изыхынҳәыз, аиааира изаԥылаз… Ус анакәха, ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит, ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа ргәеисыбжь, иаԥхьаҩцәа рҿы аиԥш, ихшара рҿгьы инаӡеит ҳәа…