АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 664-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 88 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи, 74 шықәса зхыҵуаз аԥхәыси.
Уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 216-ҩык, урҭ рахьтә 78-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 19-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп хәҩык, ибжьаратәуп 14-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 27-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ԥшьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 11-ҩык, урҭ рахьтә хҩык иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ԥшьҩык ачымазцәа шьҭоуп.