Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы абжьыҭара хыркәшоуп

Аԥсны Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, Апарламент ахь алхрақәа рҿы асааҭ 18:00 рзы ауаа рааишьа 40,2% артәеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы абжьыҭара хыркәшоуп, алхратә ҭыԥқәа аркын асааҭ 20:00 рзы.
Алхрақәа мҩаԥысуан Аԥсны ахы-аҵыхәа иаартыз алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны, дара зегь неибынеиԥшны аамҭаказы иаартын асааҭ 8:00 рзы.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, Апарламент ахь алхрақәа рҿы асааҭ 18:00 рзы ауаа рааишьа 40,2% артәеит.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Алхрақәа мҩаԥысуан асабша хәажәкыра 12 рзы. Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рхылаԥшразы иааит Урыстәыла, Приднестровие, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи анаԥшцәа.
Жәларбжьаратәи анаԥшцәа алхрақәа имариам аамҭазы ишымҩаԥысуа азгәарҭеит, ҳаракыла ишеиҿкаау рҳәеит.
35 ҭыԥ рзы иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык - ҳәсоуп.
Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.
Алхратә округ аҿы ҩыџьеи ма инареиҳани ркандидатурақәа ықәгылазар, урҭ рҟынтәи аӡәгьы далхымзар аокругтә алхратә комиссиа аӡбра аднакылоит аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы еиҳа абжьы зауз акандидатцәа еиҭақәыргыланы. Аиҭабжьыҭара мҩаԥысуеит ҩымчыбжь ирхымгакәа.