Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар украинатәи арратә мчрақәа ррадиоԥшыхәратә центр хада ҭадырхеит

Уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи ар аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба— "Баирактар ТБ-2", аппарат "Точка-У" ҭадырхеит. Арратә операциа иалагазар, рҭыԥ иқәҟьоуп арратә инфраструктура иаҵанакуа 3491 обиект.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Урыстәылатәи ар украинатәи арратә мчрақәа ррадиоԥшыхәратә центр шьақәырҟьеит ҳәа аҩуеит РИА Новости, Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков абрифинг аҿы иқәгылара шьаҭас иҟаҵаны.

"Хәажәкыра 12, ашьыжь Украина арратә инфраструктурақәа ирықәкны ихысын. Аусура ԥкуп Васильковтәи арратә аеродром, Бровар иҟаз арадиоԥшыхәратә центр", — иҳәеит Конашенков.

Аоператив-тактикатәии арратәии авиациа иҭадырхеит УАМ 145 обиект: азенит-ракетатә комплексқәа "Бук М-1" хԥа, аимадара анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ааба, аџьаԥҳаны ахьышьҭаз аҵәахырҭақәа ааба, аибашьыга техника агыларҭақәа 78.
Урыстәылатәи ар рыцхыраарала ДЖәР Жәлар рмилициа даҽа 9 километрак ԥхьаҟа инаскьеит, хылаԥшра рырҭоит Валериановкеи Зеленыи Гаии, Новоандреевка иахыкәшаны игылоуп.
ЛЖәР ар Суровцевка, Шьедришьев, Житловка рнапахьы инаргеит, Рубежное амҵан игылоуп.
Урыстәылатәи ар жәыларала Новодонецкое, Новомаиорское, Павлово рахь инеит, уахыки-ҽнаки рыла 21 километр ԥхьаҟа ицеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР ар ақалақь Волноваха рнапахьы иргеит
Уаанӡа Владимир Путин Украина имҩаԥысуа арратә операциа далацәажәо иҳәеит атәыла аоккупациа аӡәгьы ишигәҭакым. Аоперациа ахықәкы Донбасс ауааԥсыра рыхьчароуп ҳәа азгәеиҭеит.