Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина арратә обиектқәа 3700 рҟынӡа ықәырхит аоперациа алагеижьҭеи

Урыстәыла Арбџьармчқәа аиҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан икылкаан изеихсуа арратә инфраструктуреи украинатәи архәҭақәеи роуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа иқәырхит Украина арратә обиектқәа 3700 рҟныӡа, абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков.
"Аоперациа мҩаԥысуеижьҭеи иқәхуп Украина арратә инфраструктура аобиектқәа 3687", - иҳәеит аинрал.
Конашенков иазгәеиҭеит убри ахыԥхьаӡараҿы ишыҟоу аҳаирпланқәа 99, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 128, атанкқәеи егьырҭ аибашьыгатә кәылӡтәы машьынақәеи 1194, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа 121, адәынтәи артиллериа абџьарқәеи аминаршәгақәеи 443, иҷыдоу арратә автомобильтә техника 991 ак.
Украина абџьарахыхразы арратә операциа ҷыда 18 мшуп имҩаԥысуеижьҭеи, ДЖәР-и ЛЖәР-и рырхәҭақәа рыдгыларала, Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа шьаҿа-шьаҿала ауаа реиланхарҭақәа рхы ақәиҭтәра иаҿуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәара Иерусалим амҩаԥгара дшазыхиоу