Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәара Иерусалим амҩаԥгара дшазыхиоу

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция президента Украины В. Зеленского
Пресс-конференция президента Украины В. Зеленского - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа рҭышәныртәаларазы рделегациақәа хынтә аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргахьеит Белоруссиа.
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылеи дареи реиҿцәажәара амҩаԥгара дшазыхиоу, уи азы иара Израиль аԥыза-министр Нафтали Беннету идигалеит аҩтәылак рыбжьара аиҿцәажәарақәа Иерусалим имҩаԥигарц, абри атәы аҩуеит РИА Новости Зеленски ипресс-конференциа шьаҭас иганы.
"Беннети сареи ҳаицәажәон, исҳәеит иахьазы ҳаиҿцәажәарақәа Белоруссиа рымҩаԥгара шиашам. Баша аиқәшәара акәым сызҿу, сара исҳәо - ахадацәа реиқәшәара атәы ауп. Израиль ус еиԥш иҟоу дгьылуп ҳәа исыԥхьаӡома, ма Иерусалим? Хымԥада, ус исыԥхьаӡоит. Убасҵәҟьа иасҳәеит", - иҳәеит Зеленски.
Украина ахада агәыӷра ааирԥшит аимак аҭышәныртәаларазы Израиль иалшо шырацәоу, уимоу ашәарҭара ахәдықәҵара зылшо тәыланы иҟалар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡоит.
Зеленски иҳәеит, Киев ашәарҭарадаразы ахәдықәҵара шаҭаху Урыстәыла аган мацара акәымкәа, иара убас мраҭашәаратәи ахадацәа рҟынтәи, избан акәзар иара ибоит НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәа Украина рыдкыларазы агәаӷьра шаадмырԥшуа.
Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы. Ихықәкы хадоуп-Украина адемилитаризациеи аденацификациеи амҩаԥгара. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит икылкааны ишықәырго арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0